Арадио

Ашәуа аветеранцәа-инвалидцәа рфонд аусуразы: ассоциациақәа аԥара рызшәара азин ҳамам

Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа-инвалидцәа рфонд анапхгареи араионтә ҟәшақәеи аветеранцәеи реиԥылараҿы излацәажәаз атәы Sputnik арадио ефир аҿы еиҭеиҳәеит афонд ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Емзар Ашәуа.
Sputnik

 

"Арегионалтә ассоциациақәа быжьба аԥара рзызшәоз уаанӡа афонд акәын, аха аустав излаҳәо ала, уи азы азин ҳамам, ус иҟан аханатәгьы. Аконтракт анаанкылаха ицәырҵит агәынамӡарақәа, уи иахылҿиааит атәыла анапхара рҿы аиԥыларагьы. Афонд аҟнытә аиҿкаарақәа аԥара рызшәара аус ҟалашьа амам. Ус еиԥш ассоциациақәа шаҟа уҭаху аауртыр алшоит. Дара зегьы афонд аҟнытә аԥара рызшәара уалагар, усҟан ҳчымазаҩцәа рыхәшәтәра ҳалшом. Иара аустав аҿгьы иарбаӡам ус еиуеиԥшым ауаажәларратә еиҿкаарақәа, урҭ аветеранцәа-аинвалидцәа еиднакылозрагьы аԥара рызшәара. Ҳара раионцыԥхьаӡа афонд аусзуҩцәа ҳәа хә-ҩык-хә-ҩык алаҳхуеит, аҭыԥан ҳаинвалидцәа рымаҵ зуша, урҭ зыргуаҟуа азҵаарақәа ҳара ҳҟынӡа иааӡарцаз уҳәааус рнапы ианҵахоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ашәуа.

 

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: