Ашәуа зылшарақәа ԥку аибашьра аветеранцәа рфонд аусуразы: ақьаадқәа рыртытра ҳаҿуп
АрадиоИкьаҿу ахьарԥш аиура
169 0 0
https://cdn1.img.sputnik-abkhazia.info//i/logo-itemprop.png
Sputnik Аҧсны
https://cdn2.img.sputnik-abkhazia.info//i/logo.png
Sputnik
https://cdn2.img.sputnik-abkhazia.info//i/logo.png
https://sputnik-abkhazia.info/radio/20200727/1030628421/Ashua-zylsharaa-ku-aibashra-aveterantsa-rfond-ausurazy-aaada-ryrtytra-aup.html
Зылшарақәа ԥку Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рфонд 2019 шықәсазтәи аусура аихшьаала аҳасабырба иахәаԥшын иахьа Жәлар Реизара аилатәараҿы, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит афонд аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Емзар Ашәуа.
"2019 шықәса рзы аилагарақәа аҭыԥ рыман ирацәаны. Иҳәан 33 миллион мааҭ иишамкәа ишан ҳәа, избанзар уи ишақәнагаз акәымкәа, ишабалак ахы иархәан. Иахьатәи аамҭаз уи ариашара ҳаҿуп иахьынӡазалшо. Аинвалидцәа рсиагьы даара ирацәоуп. Изыхәҭои изыхәҭами ҳәа ҳармыхәаԥшкәа х-нызықьҩык рҟынӡа инеит. Урҭ реиҳараҩык аибашьра ааигәара иҟамызт. Абарҭ зегьы ариашара ҳаҿуп уажәазы. Ииашамкәа аԥарақәа шшаз ақьаадқәа рҿы иубоит, уи зегь артытра ҳаналага иаабеит аӡәы ессымза днеины аԥара игар шауаз, даҽаӡәы зынӡа дымнеир ауан. Аилыргара ҳаҿуп, даара зегь еилататоуп. Убри ауп ҳусура асиа ашьақәыргыларала ҳзалагаз", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ашәуа.
Иаҳа инеицыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Ихадоу атемақәа

Ажьырныҳәа 18, 1956 шықәса рзы диит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артистка Циала Иван-иԥҳа Ҷкадуа. Уи лиубилеи аҽны илызку анҵамҭа ҳадылгалоит Sputnik акорреспондент Наала Гәымԥҳа.
25

Асыԥса ахьлеиз аҭыԥ аҿы аиқәырхаҩцәа аус руеит, имҩаԥысуеит аԥшаара-еиқәырхаратә усурақәа.
1

Рустам Амԥар – жәларбжьаратәи акласс иатәу аспорт азҟаза, Урыстәыла ақәыԥшцәа рыбжьара аиндаҭлара аиааиҩы, Европеи адунеии рҟны ақәыԥшцәа рыбжьара аиндаҭлара аԥхьахә згахьоу, адунеи Ахраҿа занашьоу, Иван Иарыгин ихьӡ зху аиндаҭлараҿы Гран-при занашьоу.
2