Урыстәылатәи аруаа Аԥсны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит

Аҽазыҟаҵарақәа ирыдԥхьалоуп 100-ҩык инарзынаԥшуа аррамаҵзурауаа, 20 ак ҳаамҭазтәи арратә ԥшыхәратә техника.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 7- Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа аус адырулеит арадиациа ахимиатәи абиологиатәи хьчара ахымҩаԥгашьа аӷа массалатәи анырҵәагатә бџьар ихы ианаирхәо аамҭазы. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

Ашьхатә полигон "Ҵабал" аҿы аруаа рхы иадырхәеит БТР-80 иақәгылоу ахимиатә ԥшыхәра амашьынақәа РХМ-6.

Аҽазыҟаҵарақәа рхыркәшамҭаз аруаа абџьари арратә техникеи рырзҩыдара ҷыдаз адегазациатә комплектқәа "ДКВ-К" рхы иадырхәеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: