Цәыббразы урыстәылатәи ахсаалагақәа рыла Аԥсны аоперациақәа миллиардк мааҭ еиҳауп

Аԥсны Абанк адыррақәа рыла, аҳасабырбатә мзазы аоперациақәа рхышәаҵышәа иартәеит 48,2 миллион мааҭ мышкала.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 8 - Sputnik. Урыстәылатәи абанктә хсаалагақәа змоу ауааԥсыра 2020 шықәса цәыббрамзазы 1, 004 миллиард мааҭ рхышәаҵышәала аоперациақәа мҩаԥыргеит АԤРА аԥарашәаратә инфраструктураҿ. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Абанк асаит.

Ари ахыԥхьаӡара 2019 шықәса цәыббрамзатәи арбага 47,4% рыла еиҳахеит.

Аԥсны абанк Урыстәыла аҿаԥхьа аҳәынҭқарратә кредит ашәеит

603,9 миллион мааҭ рыхә аоперациақәа мҩаԥган атауарқәеи амаҵзурақәеи раахәаразы. Ари 60,1% ыҟоуп.

Абанктә хсаалагақәа аԥара рҭыгаразы аоперациақәа ишьақәдыртәеит 39,9%, ма 400,5 миллион мааҭ.

2019 шықәса цәыббрамзазы имҩаԥгаз атранзакциақәа рҿы аԥыжәара аман аԥараҭыгара– 54,0%.

Жьҭаара 1, 2020 шықәса рзы амилаҭтә ԥарашәаратә система АԤРА аҿы иҭаҩын 2 503 pos-терминал шьақәгыла, ареспублика ахәаахәҭра-маҵзуратә наплакқәа рҿы рыдкыларазы.

Амилаҭтә ԥарашәаратә система АԤРА аинфраструктурала рымаҵ руеит жәларбжьаратәи аԥарашәаратә системақәа рбанктә хсаалагақәеи ахсаалага "Мири".

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: