Аԥсны абанк Урыстәыла аҿаԥхьа аҳәынҭқарратә кредит ашәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАбхазский национальный банк
Абхазский национальный банк  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асубординациа зызуу акредит Урыстәыла Аԥсны ианаҭеит жәашықәса ҳәа ҿҳәарас иаманы аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны.

АҞӘА, ԥхынгәы 1 -  Sputnik. Аԥсны абанк Урыстәыла аҿаԥхьа 700 миллион мааҭ иҟаз аҳәынҭқарратә кредит ашәеит ҳәа аҳәоит абанк асаит аҟны.

2010 шықәса нанҳәамзазы напы аҵаҩын Аԥсни Урыстәылеи реиҳабырақәа рыбжьара жәашықәса ҿҳәарас измоу акредит аиуразы аиқәшаҳаҭра.

Топливный пистолет - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Абанк 40 миллион закәаншьаҭада "Аԥсныбылтәы" ианаҭеит ҳәа иахарарҵо аҭак ҟанаҵеит

Акредит ала ауал хада ашәара иалагеит 2014 шықәса рзы. 2020 шықәсазы Амилаҭтә банк иашәеит ахыркәшаратә уал – 91,6 миллион мааҭ.

Иазгәаҭоуп  Аԥсны абанк, акредиттә еиқәшаҳаҭра аус ауанаҵы, процент ҳасабла 131,3 миллион мааҭ шашәаз.

Уаанӡа Амилаҭтә банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа иазгәеиҭахьан акредит шгаз Аԥсны абанк акапитализациеи амодернизациеи рганахьала аԥаразоужьразы.

Иара иҳәеит акредит ахы иархәан арезервқәа реиҿкааразы, аелектронтә система аԥҵаразы, амилаҭтә ԥарашәаратә система (АԤРА) аҿиаразы ҳәа.

Уи адагьы акредит ахәҭак азырхатәын Аԥсны абанк арезервтә центр аргылара алагареи апроектҟаҵареи, аха уи аус ҟаҵамкәа иаанхеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0