Арадио

Арнауҭ: ҳауаажәлар иаадрыхуа афеихоа зегьы ҳадаҳкылартә иҟалоит

Анаплакы "Аԥсуа баҳчақәа" аиҳабы Даур Арнауҭ арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит сынтәа афеихоа аҽаҩра рыдыркылартә рылшарақәа зеиԥшроу, шаҟа мааҭ ҳәа иахьазы ирыдыркыло атәы.
Sputnik

 

Арнауҭ: ҳауаажәлар иаадрыхуа афеихоа зегьы ҳадаҳкылартә иҟалоит

"Афеихоа адкылара ҳалагеит Агәыӡера, ашәырҵәахырҭақәа ахьыҟоу аҭыԥ аҿы. Урыстәылантәи иҳауит аҿаҵатәы, убри аҟынтәи раԥхьатәи аидара амашьына ақәҵара ҳаҿуп жәа-тоннак. Иахьазы иҳадаҳкылаз афеихоа ахә хәыҷык иҳаракуп, уи ус ауп ишыҟоу ашәыр аԥхьа ианыҟало. Уажәы 100-120 мааҭ рҟынӡа ахә ыҟоуп. Ақыҭақәа ҳрылоуп, анхацәа ираҳҳәоит аҩнынтәгьы ишаҳго. Амашьынақәа шьҭны ақыҭаҟынтәигьы ианааҳго ыҟоуп. Усҟан ахә иаҳа имарианы иҳауеит", - иҳәеит Арнауҭ.

 

Иара иазгәеиҭеит анхацәа ироуа афеихоа аҽаҩра зегьы рыдыркылартә алшарақәа ыҟоуп ҳәа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: