Арнауҭ: анхацәа иаадрыхуа афеихоа зегьы ҳадаҳкылар ҳалшоит
"Афеихоа адкылара ҳалагеит Агәыӡера, ашәырҵәахырҭақәа ахьыҟоу аҭыԥ аҿы. Урыстәылантәи иҳауит аҿаҵатәы, убри аҟынтәи раԥхьатәи аидара амашьына ақәҵара ҳаҿуп жәа-тоннак. Иахьазы иҳадаҳкылаз афеихоа ахә хәыҷык иҳаракуп, уи ус ауп ишыҟоу ашәыр аԥхьа ианыҟало. Уажәы 100-120 мааҭ рҟынӡа ахә ыҟоуп. Ақыҭақәа ҳрылоуп, анхацәа ираҳҳәоит аҩнынтәгьы ишаҳго. Амашьынақәа шьҭны ақыҭаҟынтәигьы ианааҳго ыҟоуп. Усҟан ахә иаҳа имарианы иҳауеит", - иҳәеит Арнауҭ.
Иара иазгәеиҭеит анхацәа ироуа афеихоа аҽаҩра зегьы рыдыркылартә алшарақәа ыҟоуп ҳәа.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Пандалионԥҳа еиҭалҳәеит Алаҳаӡы иҭрыжьуа аалыҵ аԥкрақәа шаныԥшыз