"Аҩада Ешыра ацитрустә ааӡарҭақәа маҷуп измоу, еиҳарак аладоуп урҭ ахьыҟоу, аха измоугьы дубап. Ус, жәаҳәарада, аџьабаа ду ацуп. Фынтә ихәышәтәуа дубап. Сынтәа амандариназы аҽаҩра цәгьам, ҳәа азгәарҭоит анхацәа. Ахәырма акәзар, ашьаҭақәа чмазаҩуп, абри араса ачымазара шыҟоу еиԥш иаргьы иамоуп, шьыжьымҭанла унеины уанахәаԥшлак, иҿырҩны икажьуп. Аха уигьы рхәышәтәуеит. Араҟа 40 ҭӡы ҳауп аԥсуаа иҟоу, егьырҭ зегьы ерманцәоуп. Дара зегьы ахәырма дырҩоит, измамгьы ақыҭақәа ирылсны иааганы, ирыцқьаны, ицәырҳәны, икнарҳауеит. Аԥсуаагьы изырҩо ыҟоуп, аха атәым милаҭ аҭиразы тоннак, ҩ-тоннак рҟынӡа иҟарҵоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Хәарцкьиа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Хәарҵкьиа еиҭеиҳәеит Ҩада Ешыра анхацәа рыбзазашьа атәы