Аҿҳәара ааиаанӡа: аҟәатәи ашколқәа ҩба ԥсшьара ирышьҭит

Аҟәа ақалақь егьырҭ ашколқәа зегьы аус шыруц ирулоит, ҭагалантәи аԥсшьарахь абжьааԥнеиԥш жьҭаара 19 рзы ицоит.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 12 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аҟәатәи ашколқәа №2-и №10-и заанаҵтәи аԥсшьарамшқәа рахь ирышьҭит рырҵаҩцәа ԥыҭҩык COVID-19 рылоуп ҳәа агәҩара ахьыҟоу азы, абри атәы аанацҳауеит Аҟәа ақалақь аҵара аҟәша аиҳабы Асҭанда Ҭаркьылԥҳа.

"Уаҵәы инаркны даҽа ҩ-школк ҩымчыбжьа ҳәа заа аԥсшьарахь иҳашьҭуеит, избанзар, ахәыҷқәа рыхәҭак ашкол ахь иныҟәаӡом, иара убас ԥыҭҩык арҵаҩцәагьы аҽыԥхьакраҿы иҟоуп. Урҭ COVID-19 рыдбалам, аха ахьҭа рылаланы иҟоуп", - лҳәеит Ҭаркьылԥҳа. 

Аҟәа ақалақь егьырҭ ашколқәа зегьы аус шыруц ирулоит, ҭагалантәи аԥсшьарахь абжьааԥнеиԥш жьҭаара 19 рзы ицоит.

Асҭанда Ҭаркьылԥҳа иара убас илҳәеит аҟәатәи ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи зегьы рҭагылазаашьа иацклаԥшуеит ҳәа.