Аԥсны даҽа 86-ҩык акоронавирус шрыхьыз аадырԥшит

Апандемиа рыларҳәеижьҭеи Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирустә чымазара ҿкы рыхьит ҳәа ишьақәдыргылаз 2343-ҩык ыҟоуп, урҭ рахьтә 854-ҩык ргәы бзиахахьеит, 23-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 12 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирус рылоу ирыламу агәаҭаразы атестқәа ирхыжьын 285-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә COVID-19 адиагноз рзышьақәыргылоуп 86-ҩык ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Аҿҳәара ааиаанӡа: аҟәатәи ашколқәа ҩба ԥсшьара ирышьҭит

Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы жьҭаара 11 рзы рыԥсҭазаара иалҵит ҩыџьа ауааԥсыра.

Руаӡәк, 1944 шықәсазы ииз апациентка, жьҭаара 10 рзы аковид-госпиталь дҭашәеит. Иахәҭаз ахәышәтәра шылзыҟарҵозгьы, лыԥсыԥлагаҩагареи лгәеисреи акыр иԥсыҽхан, жьҭаара 11 рзы лыԥсҭазаара далҵит.

Иара убас 1969 шықәсазы ииз, жьҭаара 10 рзы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хада ареанимациатә ҟәша зыԥсыԥлагаҩагара зцәыуадаҩны, ҩганктәи аполисегментартә гәыҵәкра зманы иҭашәаз апациент иԥсҭазаара далҵит жьҭаара 11 рзы, иԥсыԥлагаҩагареи игәеисреи ахьыԥсыҽхаз иахҟьаны. Иара убас иара ицәа иалан асоматикатә чымазара хьанҭақәа.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 173-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 158-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 28-ҩык, ибжьаратәуп - 34-ҩык, илҩаауп 25-ҩык апациентцәа.

Зынӡа Гәдоуҭатәи агоспиталь ҩымш рыла иҭашәеит 37-ҩык ачымазаҩцәа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>