"Уажәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы акомпиутертә томограф аус ахьамуа аҵкыс иаҳа ихадоу ауадаҩрақәа ыҟоуп. Иаҳҳәап, ареанимациа аҟәшаҿы аҵәыҵәри анагара. Абаллонқәа рххо, ирҳәазо, уахык ала изныкым, иҩынтәым, урҭ напыла ирыԥсахуеит аҳақьымцәа. Ари азҵаара иаҳа ихадароуп. Акомпиутертә томограф ачымазара адиагноз ақәыргылараҿы ихадароуп, аха уи арентгени анализи рыла ишьақәургыларгьы алшоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Гәниа.
Измааноу сыздыруам, аха ирацәаҩны ачымазара аҽацәыхьчаразы иаԥҵоу аԥҟарақәа ирықәныҟәаӡом, уи моу иагьхарҵом ҳәа азӷәеиҭеит аҳақьым аиҿцәажәараан.
"Абыржә саныҟаз ауха асааҭ хԥа рзеиԥш инаргеит ҭаацәаныла ачымазаҩцәа, раб цәгьала дыҟан, абыржәаанӡа ачымазара агәра шырымгоз атәы рҳәеит. Ауаа ачарақәа руеит, асабрадақәа рҿарҵом, ирзеилымкаауама, измааноу сыздыруам, аиашазы. Ирацәаҩны ишьҭан ачымазара хазымҵо, хаҵакгьы, цәгьала иԥсы еиқәҳархеит, иансарҳәоз ихасҵарауааз ҳәа иҳәон. Абас акы уақәшәаанӡа ухы хәыҷык иԥхьаукыр иаҳа еиӷьуп. Ишахәҭоу унапы уӡәӡәар, асабрада уҿауҵар, ухы ԥхьаукыр… Уи, ҳәарада, зегьы ирыхьроуп, аха зегьы еицрыхьыр, зегьы ирцәыцәгьахоит", - ҳәа азгәеиҭеит Гәниа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа амедеиҳәшьа: аибашьраан аус шаҳуаз еиԥш иаҳуеит
Чачхалиаԥҳа Гәдоуҭатәи агоспиталь аҳақьымцәа рзы: аџьамыӷәа цәгьа рхыргоит
Ахсалԥҳа Гәдоуҭатәи агоспиталь аҟны ишьҭоу рыкрыфаразы: излаҳалшо ала ак рыгҳажьуам