Чачхалиаԥҳа Гәдоуҭатәи агоспиталь аусзуҩцәа рзы: аџьамыӷәа цәгьа рхыргоит
"Гәдоуҭа ачымазаҩцәа рзы аҭагылазаашьа бзиақәа аԥҵоуп, зегьы ыҟоуп. Амедиаҳәшьцәа, аҳақьымцәа ҳаамҭазтәи фырхацәоуп уҳәар алшоит, хамеигӡарыда аус руеит. Ахылаԥшра ҳарҭоит уахгьы-ҽынгьы, ицәаӡам, аџьамыӷәа цәгьа рхыргоит. Аԥара ҳәа ара аӡәгьы акгьы игаӡом, ирыдугаларгьы ируӡом, ахәшәқәагьы мала ҳәа иҳарҭоит. Аханатә ачымазара ыҟоуп ҳәа хасҵомызт, ус арԥҳа чымазара саргәаҟуан есышықәса, аха уажәшьҭа еилыскаауеит, зегьы ҳхы ҳахьчар шахәҭоу, ҳара ҳазламаҷу ала, ҳхы ҳацклаԥшыр ауп", - ҳәа еиҭалҳәеит Чачхалиаԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа аусзуҩы: ақыҭақәа рҟынтә амедеиҳәшьцәа ҳавагылеит
-
Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа амедеиҳәшьа: аибашьраан аус шаҳуаз еиԥш иаҳуеит