Урыстәылатәи аруаа ртанкистцәа атактикатә хысрақәа мҩаԥыргоит

Агәаҭаратә уснагӡатәқәа ирыдԥхьалан ҩ-нызқьҩык рҟынӡа Урыстәыла Аладатәи арратә округ аруаа.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 13 - Sputnik. 2020 шықәсазы аихшьаалатә уснагӡатәқәа рҳәаа иҭагӡаны Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ аруаа атактикатә хысразы аԥышәаратә уснагӡатәқәа мҩаԥыргеит ҳәа аанацҳауеит аокруг апресс-маҵзура.

Ашьхаратә полигонқәа Ҵабали Нагвалоуи рҟны абаза аштаб афицарцәа ахәшьара арҭон акомандаҟаҵаратә еилазаара адыррақәа, ашьхараҿи амшынԥшаҳәаҿи аҽыхьчаратә еибашьра аиҿкаареи амҩаԥгареи рымҩаԥысшьа ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Амотохысратә ҟәша аруааи атанктә, артиллериатә, ПВО ахархәагатә ҟәшақәа рыруааи еиныррала ахысрақәа мҩаԥыргон.

Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аруаа амобилтә медиа-комплекс рхы иадырхәеит

Ацәҟьарақәа рықәшәашьа ахәшьара хаҭабзиарала аҭаразы ауаа рхы иадырхәеит ҳаамҭазтәи радиола ахырхарҭа зырҭо, компиутерла еиҿкаау ахысратә хархәагақәа (ПСО-Р).

Ахысрақәа мҩаԥыргон Макаров итапанчақәа (ПМ), Калашников иавтоматқәа АК-74, Драгунов иснаипертә винтовкақәа СВД рыла.

Агәаҭаратә уснагӡатәқәа ирыдԥхьалан ҩ-нызқьҩык рҟынӡа Аладатәи арратә округ аруаа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: