Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа ареанимациатә аппарат азаархәеит

Ахәыҷ чымазцәа рзы ихымԥадатәиу аппарат ҷыда ахәышәтәырҭахь инаганы ахархәара иаздырхиахьеит.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 16 - Sputnik. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра "Аԥсны аурыс уаԥшь" афинанстә цхыраарала Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭазы иаархәеит арыԥҳақәа иԥсабаратәымкәа аҳауа рҭазырсуа аппарат. Абри атәы аанацҳауеит Ауаажәларратә еидгыла асаит.

Аппарат ахәԥса – миллионки 618 нызқьи 200 мааҭ ыҟоуп ҳәа азгәарҭеит аминистрра апресс-маҵзураҿы. Ахәыҷ чымазцәа рзы ихымԥадатәиу ари аппарат ҷыда ахәышәтәырҭахь инаганы ахархәара иаздырхиахьеит.

Аппарат ИВЛ аахәан лаҵарамзазы аминистрра иарҭаз аԥарақәа рыла. Зынӡа агәабзиарахьчара аминистрра аԥхьаӡамҭа иҭагалан 9 миллионки 150 нызқь мааҭи аурыс уаԥшь аҟынтәи. Аԥарақәа арахь ииаган авирус COVID-19 алаҵәара аамҭазы иахәҭаны иҟоу амаругақәа раахәаразы.

Џьопуа еиҭеиҳәеит ахәыҷтәы хәышәтәырҭа иаиуз амаҭәахә ҿыцқәа рҟнытә еиҳарак изеигәырӷьо

Убас, арҭ алагалақәа рыла иаахәан ИВЛ, анаркоз-ԥсыԥгаратә аппарат, абронхоскопрбага, аҳауа рыцқьага-арециркулиаторқәа, аҵәыҵәри концентраторқәа, апациент имонитор.

Аԥсны иҟоу Аурыс уаԥшь аԥхьатәи амшқәа инадыркны ауааԥсыра иреилдыркаауеит COVID-19 аамҭазы ахымҩаԥгашьа шаҭаху, еизыргеит аԥара зыда ԥсыхәа ыҟам амедицинатә хархәагақәа раахәаразы.

Аиҿкаараҿы иазгәарҭоит ԥхьаҟагьы ацхыраара ишазыхиоу.