Урыстәыла Аԥсныҟа идәықәнаҵеит COVID-19 злоу апациентцәа рзы амобилтә госпиталь

Агоспиталь аҿы иҩнагылоуп арԥҳа аҳауарҭарсгақәа, апациентцәа интенсивла ргәаҭаразы амониторқәа, арентгенографиатә аппаратқәа, УЗИ аппаратқәа, ашьа анализҟаҵагақәа.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 17 - Sputnik. Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара аминистрра Аԥсны Аҳәынҭқарра иҟанаҵаз аҳәарала Аҟәа иаанартуеит 100 иара-ҭыԥк змоу,  акоронавирустә инфекциа змоу апациентцәа рыхәышәтәра иазку амобилтә госпиталь ҳәа аанацҳауеит аурыс усбарҭа.

Аԥсны Атәылахьчара аминистрра Урыстәылахь аҳәара ҟанаҵеит амобильтә госпиталь аиуразы

Аԥсны атәылахьчара аминистр Владимир Ануа урыстәылатәи иколлега Сергеи Шоигу иахь жьҭаара 12 рзы аҳәара ҟаиҵеит адәынтәи агоспиталь аадыртразы атәылаҿы акоронавирус зыхьуа рхыԥхьаӡара ахьырацәахаз инамаданы.

"Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара аминистрра Аԥсны Аҳәынҭқарра иҟанаҵаз аҳәарала 100 иара-ҭыԥк змоу апрофильрацәа змоу амобилтә госпиталь аанартуеит ачымазцәа рышьҭаҵарҭақәа рхыԥхьаӡара ацҵаразы, Аԥсны акоронавирустә инфекциа ҿыц адиагноз ззышьақәырӷәӷәоу апациентцәа амедицинатә цхыраара рыҭаразы", - ҳәа азгәарҭеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрраҿы.

Аладатәи арратә округ аррамаҵурауаа маршла идәықәлеит аштаттә техника иақәтәаны. Буденновск инаркны Аҟәанӡа 800 километра амҩа рымоуп.

"Амобилтә медицинатә еилазаара иалоуп 112-ҩык аррамаҵурауааи иҷыдоу арратә техника 30 цыреи. Рмарш ианахыслак ашьҭахь аамҭа кьаҿ иалагӡаны Аҟәа ақалақь аҟны амобилтә госпиталь шьақәдыргылоит, уа арратә медикцәа Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа рыдкылареи амедицинатә цхыраареи рыҭара иалагоит", - ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра адырраҭара.

Иара убас инаҵшьны иазгәаҭоуп амобилтә госпиталь аҿы ишышьақәыргылоу арԥҳақәа иԥсабаратәымкәа аҳауа рҭазырсуа аппаратқәа, апациентцәа интенсивла ргәаҭаразы амониторқәа, арентгенографиатә аппаратқәа, УЗИ аппаратқәа, ашьа анализҟаҵагақәа.

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла Аԥсны COVID-19 здырбалахьоу рхыԥхьаӡара 2672-а ыҟоуп, згәы бзиахаз - 1175-ҩык, аҩны зҽызхәышәтәыз убрахь иналаҵаны, 27-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>