АҞӘА, жьҭаара 15 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 зцәа иалоу реилкааразы атестқәа 285-ҩык ирзыҟаҵан, урҭ рахьтә акоронавирус 93-ҩык рҟны иаадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 155-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 127-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 19-ҩык, ибжьаратәуп - 26-ҩык, илҩаауп 8-ҩык апациентцәа.
Зынӡа Гәдоуҭатәи агоспиталь иҳаҩсыз амш иалагӡаны иҭашәеит 11-ҩык ачымазаҩцәа.
Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>