Арадио

Џьапуаԥҳа Гәдоуҭа COVID-19 змоу рзы ҽынлатәи астационар аартразы: ауаа ирыхәарҭоуп

Гәдоуҭа еиҿкаау ҽынлатәи астационар аҿы аус зуа амедиаҳәшьа Сусанна Џьапуаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит уи аиҿкаара хықәкыс иамаз, насгьы уи аусура ззырхоу.
Sputnik
Џьапуаԥҳа Гәдоуҭа COVID-19 змоу рзы ҽынлатәи астационар аартразы: ауаа ирыхәарҭоуп

"Акоронавирустә ҿкы зманы, аҩны зҽыԥхьаҟны иҟоу, инеины агәырқәа роума, акапельницақәа роума, иахьыҟарҵаша аҭыԥ рҭахуп, убри аҟнытә Гәдоуҭатәи агоспиталь аиҳабыра еилацәажәаны ирыӡбаз усуп астационар аиҿкаара. Аиашазы, ауаа цәгьала ирыхәоит. Зны аҳақьым иҿы инеины иҟаҵатәу абӷьыц ианҵаны ирыманы иааиуеит, ҳара уи ала иахәҭоу ахәшәтәра анымҩаԥаҳгалак, аҩныҟа ицоит. Иааиуа зегьы гәахәарыла ирыдыркылоит ас еиԥш аҭыԥ ахьаарту. Иара ахыбра зтәугьы Баграт Ҵышәба иоуп, ҳахьыҟоу ԥсшьарҭатә ҩнуп, аргылара зегьы ахархәарахь иҳаиҭеит, аха макьаназы ҳара актәи аихагылаҿы иҟоу хә-уадак рыла ҳаизибырхоит. Ачымазаҩцәа рыхәшәқәа зегьы дара иааргоит, аха ирымамкәа хәшәык ыҟазар, ҳаргьы ираҳҭартә еиԥш алшара ҳамоуп. Хәшәылеи ҳашәҵатәи рыла ҳаиқәдыршәеит араионтә хәышәтәырҭа. Ҳусура хәыда-ԥсадоуп", - ҳәа еиҭалҳәеит Џьапуаԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: