Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит жьҭаара 22 рзы

АУН "Аӡыканал" иаанацҳауеит комплексла аӡымҩангагақәа зегьы рыԥсахра ишаҿу, Аҟәа ақалақь аҿы аӡы лассы-лассы идмырцәаларц азы.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 21- Sputnik. Аӡцрыҵтә еизгарҭа акапиталтә ремонт ахьазыруа иахҟьаны, аԥшьашьа, жьҭаара 22 аҽны Аҳабла ҿыц, "Колос" араионқәа ӡрыжәтәда иаанхоит, абри атәы аанацҳауеит АУН "Аӡыканал".

Иазгәаҭоуп, Аҟәа аӡрыжәтә шаанкылахо асааҭ 00:00 инаркны 14:00 рҟынӡа.

Аӡыҭгагақәеи, аӡеизгарҭақәеи, аӡымҩангагақәеи комплексла рыԥсахра иаҿуп, ҳәа аанацҳауеит АУН "Аӡыканал".