Аԥсны аказақцәа Гәдоуҭатәи агоспиталь аҳақьымцәа аҳамҭақәа ранаршьеит

Амшынеиқәатә аказақцәа рыри Аԥсны аурыс уаԥшьи Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра изныкымкәа афинанстә цхыраара арҭахьеит амедицинатә хархәагақәеи ахәшәқәеи раахәаразы.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 23 - Sputnik. Аԥсны Амшынеиқәатә аказақцәа рыр аковид-госпиталь аҿы еиҳа зҽалызкааз амедицинатә усзуҩцәа 32-ҩык амедалқәа "Агәшаҭареи агәыҳалалреи" рзы ранаршьеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны аурыс уаԥшь асаит аҿы.

Аԥсны аказақцәа Гәдоуҭатәи агоспиталь аҳақьымцәа аҳамҭақәа ранаршьеит

"Есыҽны аџьабаа дуӡӡа бо, уахи-ҽни ааԥсарак ҟамҵо, мчыбжьыла, мзыла шәҭаацәа шәымбо ауаа рыԥсҭазаарақәа шәырзықәԥоит. Шәара иахьатәи амш афырхацәа шәоуп", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Аҳақьымцәа аҳамҭақәа ранашьара мҩаԥган асанитартә нормақәа инарықәыршәаны.

Аԥсны аказақцәа Гәдоуҭатәи агоспиталь аҳақьымцәа аҳамҭақәа ранаршьеит

Аԥсны аурыс уаԥшь апроект "Ҳара ҳаӡәыкуп" аҳәаақәа ирҭагӡаны Гәдоуҭатәи агоспиталь ахь инаргахьеит амедицинатә хархәагақәа 9 миллионки 150 нызқьмааҭ рыхә. Амшынеиқәатә аказақцәа рыр рхаҭарнакцәа агоспиталь аҿы мчыбжьы мчыбжьыла рҽыԥсахуа арзҩыдаратә усурақәа мҩаԥыргоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: