РУСДРАМ онлаин аус аулоит: Чехов ииубилеи асоциалтә ҳақәа рҟны иазгәаҭахоит

Аԥсны акультура-массатә уснагӡатәқәа аамҭала рыԥкра инадҳәаланы атеатртә проект "Вечер А.П. Чехова" онлаин-формат ала имҩаԥгахоит.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 23 - Sputnik. Аурыс литература аклассик Антон Павел-иԥа Чехов 160 шықәса ихыҵра инадҳәаланы, Ф.А. Искандер ихьӡ зху аурыс драматә театр ахәаԥшцәа ирыднагалоит иҷыдоу атеатралтә проект "Вечер А.П. Чехова", ҳәа Sputnik иазаанацҳаит РУСДРАМ апресс-маҵзура.

Адырраҭараҿы иазгәаҭоуп апроект шымҩаԥгахо Россотрудничество адгыларала.

РУСДРАМ онлаин аус аулоит: Чехов ииубилеи асоциалтә ҳақәа рҟны иазгәаҭахоит

"Вечер Чехова" аҟны актиорцәа адраматург ипиесақәа: "Предложение", "Вишневый сад", "Чайка" рцыԥҵәахақәа ихәмаруеит, иара убас ирыԥхьоит ашәҟәыҩҩы аҿкчымазараан Мелиховонтә ииҩуаз асаламшәҟәқәа.

РУСДРАМ аҿы ирҳәеит ари апроект арежиссиорцәа - Нина Балаевеи Мариа Романовеи рминиспектакльқәа шракәу.

"Чехов идраматургиа – зегь еицаҳзеиԥшу ҭынхоуп. Аиԥш зеиԥшугьы маҷуп. Ирылацәажәоуп шамахамзар абри аҩыза аконтекст аҿы иналкаан зхы аазырԥшуа ахҭысқәа", - азгәалҭоит актриса Марина Скворцова, Нины Заречнаиа лмонолог аԥхьаҩ ("Чайка").

Аԥсны акультура-массатә уснагӡатәқәа аамҭала рыԥкра инадҳәаланы атеатртә проект "Вечер А.П. Чехова" онлаин-формат ала имҩаԥгахоит.

Ахәылԥаз ателеверсиа аԥхьарбара ҟалоит жьҭаара 27 асааҭ 19.00 рзы РУСДРАМ YouTube-канал аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: