Чехов Аҟәатәи ибалкон

© Sputnik / РИА Новости / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАнтон Павел-иԥа Чехов
Антон Павел-иԥа Чехов - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Антон Павел-иԥа Аԥсны иҟазаареи дызҭааз аҭыԥқәеи ртәы шәаԥхьар шәылшоит Sputnik аматериалқәа рҟны.

Sputnik акорреспондент Владимир Бегунов иҽазикит ашәҟәыҩҩы Аԥсны иҟазаара ирҿыцны ахцәажәара.

Чехов Аԥсны даҭааит 1888 шықәса, аԥхынразы. Афон Ҿыц даныԥхьа ашьҭахь Аҟәаҟа дааит. Афон ҿыцтәи асанаториа "Абхазиа" иахьагьы иазыгәдууп ашәҟәыҩҩы уа иҟазаара, иахьагьы ишыҟац иҟоуп дахьыԥхьаз аномер, асасааирҭа аҩналарҭаҿ иубоит амемориалтә ӷәы.

Аҟәа акәзар, Чехов, аҭоурыхҭҵааҩ Анзор Агәмаа ишиҩу ала асасааирҭа "Франциа" аҟны даангылеит. Еихагылакны иргылаз ари асасааирҭа ақалақь аҟны ираԥхьатәиқәоу иреиуоуп. 1933 шықәса рзы иара ықәганы, аҭыԥ аҟны идыргылеит асасааирҭа "Абхазия". Чехов ихьӡ зҳәо аӷәы акәзар уа, ааигәа игылаз асасааирҭа "Белый парус" аҟны икыдырҵеит. Иҟалап ус зыҟарҵаз асасааирҭа уаанӡа "Франция-2" ҳәа ахьахьӡыз акәзар. Ҳрыԥхьап Чехов Стасову иахь ииҩуаз ашәҟәқәа: "Шьыжьаахыс Аҟәа сыҟоуп. Аԥсабара еиҭаҳәатәуп. Абалкон сықәтәаны снаԥшы-ааԥшуеит. Сыҵаҟа инеи-ааиуеит амаскарад-маҭәа еиԥшу зшәу аԥсуаа. Амҩа анымҩахыҵ ирызҳауеит акипарисқәа, акедрқәа, амшын иаҵәара газгоит. Агәра шәгашам, аха аратәи атамақәа ргьама еиԥшу џьаргьы исымбацт!"

Абра ицәырҵуеит азҵаара, еихагылакны иҟоу ахыбра абалкон абаиурыз? Уи адагьы "Франция" ҭыӡҭыԥла иахьатәи Аидгылара 1 аҟны иҟазар акәын аԥенџьырқәагьы амшын аԥшаҳәахьы ирханы изыҟаломызт.

1888 шықәса ԥхынгәы 25 рзы иарбан балконыз Чехов дзықәтәаз аилкааразы иахәаԥштәуп асасааирҭа "Абхазиа" аргылараан иқәыргаз егьырҭ ахыбрақәа рсиа. Усҟан, асасааирҭа "Франциа" адагьы иқәыргеит аҭырқә каҳуажәырҭа, аҭуџьар Кара-Хасан идәқьанқәеи ичаӡырҭеи, асасааирҭа "Метрополь", ахааӡырҭа "Европейская". Урҭ рҟынтәи ҩбаны еихагылаз "Метрополь"-и "Европейская"-и ракәын. Урҭ ракәын абалкон змазар алшозгьы. "Метрополь" ахь Чехов дызнеирыз? Аҽакуп ахааӡырҭахь днеит ҳәа аҳәара. Иҟалап араҟа иара акаҳуа ахаа-мыхаа адкылан днаҿыхәо, абалкон дықәтәаны днаԥшы-ааԥшуа иҩыза асалам шәҟәы изиҩуазар.

Иҟалап, избанзар ари ахааӡырҭа ақалақь аҟны иреиӷьны ишьан, иара абалконқәагьы амшын аԥшаҳәахьы ихан.

Хыҵхырҭақәак рҟны иазгәаҭоуп Антон Павел-иԥеи иара иԥшәмаԥҳәыси Аҟәа еиҭаҟан 1900 шықәса рзгьы, урҭ усҟан иаангылеит апрофессор Остраумов идачаҟны ҳәа. Адача ыҟан иахьа амаамынқәа Рпитомник ахьыҟоу аҭыԥ аҟны.

© Sputnik / Томас ТхайцукРесторан Белый Парус на Набережной Махаджиров
Ресторан Белый Парус на Набережной Махаджиров  - Sputnik Аҧсны
Ресторан Белый Парус на Набережной Махаджиров

Аха, Алықьса Папасқьыр ари афакт дақәшаҳаҭым. Ашәҟәы "Абхазия в русской прозе XIX столетия" аҟны иара иҩуеит Чехов, Горьки, Васнецов 1900 шықәса лаҵарамза 28 рзы, мшынгәыла Ҟрымынтәи Қырҭтәылаҟа рныҟәараан Афон Ҿыц иааҭгылеит, иҟалап Гаграгьы инеизар ҳәа. Аха иара иныҭкааны издырам урҭ ара акраамҭа иҟазу иҟамзу. Уи адагьы иара ишьоит Чехов иовест "Дуэль" аҟны дзыхцәажәо Аҟәа акәӡам, Гәдоуҭоуп ҳәа.

Иара убасгьы иҳәоит усҟантәи аамҭазы Аҟәа қалақь еинҭәылан иҟан аповест аҟны автор "қалақь хәыҷык" ҳәоуп ишиҳәо ҳәа.

Уи адагьы Чехов иҳәоит ақалақь хәыҷы аҟны асасааирҭа ыҟам, уахәама заҵәык гылоуп, амшынгьы иӡыхгылоу ҩ-ӷба хәыҷык роуп ҳәа. Иара убасгьы далацәажәоит аруаа рацәаҩуп ҳәа. Аруаа ртәы уҳәозар, усҟан Бамбора иҟан арратә гарнизон.

Константин Маҷавариани ишәҟәы "Описательный путеводитель по Сухуму и Сухумскому округу" (1913 ш.) аҟны ХIХ ашәышықәса иаҵанакуаз Аҟәа азы иҳәоит: усҟантәи аамҭазы ареид ахь инеиуаз аӷбақәа маҷын, Аҟәатәи

акафедралтә уахәамагьы убри ашықәс азоуп ианаадыртыз ҳәа. Иҟалап Чехов дзыхцәажәоз Аҟәа акәзаргьы.

Иара убри аан Чехов Аԥсны дызҭаахьаз Аҟәеи Афон ҿыци ракәын, Гәдоуҭа дымнеицызт. Ус анакәха иимбацыз ақалақь дабахцәажәарыз.

Амаӡақәа рацәаны иахьагьы ҭакда иаанханы иҟоуп. Иҟалап урҭгьы мышкызны еилкаахар.

Ажәабжьқәа зегьы
0