Аҵара аминистрра адистанциатә ҵара иазку акциазы: макьаназ адгылара ыҟам

Аҵареи абызшәатә политикеи рзы аминистрра цәыббра 22 рзы агәыҳалалратә акциа "Ашколхәыҷ изы аелектронтә техника ҳамҭас" хацнаркит.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 24 – Sputnik. Цәыббра 22 рзы ирылаҳәаз агәыҳалалратә акциа "Ашколхәыҷ изы аелектронтә техника ҳамҭас" адгылара арымҭеит ҳәа лҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз аминистрра азеиԥши апрофессионалтәи ҟәша аиҳабы и.н. Асҭанда Ҷолокәуаԥҳа.

"Акциа рылаҳәан атәыла ашколқәа рҿы акарантин аларгалаанӡа. Усҟангьы иубаратәы иҟан абри аҩыза аҭагылазаашьа шыҟалоз. Техникада изалыршахом онлаинҵара, убри азоуп ҳара ацхыраара ҳзаҳәаз", - лҳәеит лара.

Аҵареи абызшәатә политикеи рзы аминистрра иара убасгьы ашәҟәқәа нанашьҭит еиуеиԥшым аиҿкаарақәа рахь акциа адгылара арҭарц, аха иахьанӡагьы аӡәгьы ақәҿимҭыцт, Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора рыда ҳәа азгәалҭеит Ҷолокәуаԥҳа. Убри аан илҳәеит макьаназы ишырзымдыруа урҭ иарбан цхыраароу иҟарҵараны иҟоу.

Аҵара ҳамҭас: Аҵара аминистрра ашколхәыҷқәа ацхыраара рыҭаразы акциа хацнаркит

Лара лажәақәа рыла, адистанциатә ҵаразы заҟа техника аҭахны иҟоу макьаназы ахыԥхьаӡара аҳәара уадаҩуп.

"Аҭаацәараҿ ахәыҷқәа хыԥхьаӡарала еиҟарам. Ауаагьы зегьы рсоциалтә ҭагылазаашьа еиԥшым. Иахьынӡаадыруала, 70% ашколхәыҷқәа иахәҭоу атехника рымаӡам. Убри азоуп Аҵара аминистрра абри аҩыза акциа заԥшьнагаз", - лҳәоит Ҷолокәуаԥҳа.

Лара иазгәалҭеит аминистрреи амобилтә операторцәеи аилацәажәарақәа шрымоу адистанциатә ҵарахьы ииасыр, аҵаҩцәа рзы аинтернет ахархәара ԥкрада аиҿкаара алыршаразы.

Акциа инақәыршәаны изҭаху илшоит ашколхәыҷ иҵараҵаразы акомпиутортә техника ҳамҭас ииҭар мамзаргьы уи иахәԥсоу аԥара алеигалар.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: