Урыстәылатәи амобилтә госпиталь аҟынтәи раԥхьатәи апациентцәа ылҩаауп

Урыстәыла Аладатәи арратә округ арратә медусзуҩцәа уахи-ҽни инеиԥшьны амобилтә госпиталь аҿы арациентцәа рыдыркылоит. Уажәтәи аамҭазы агоспиталь аҟны рхы рхәышәтәуеит 60 пациент, COVID-19 змоу.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 28 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Урыстәылатәи  амобилтә госпиталь аҟынтәи раԥхьатәи апациентцәа хҩык ылҩаауп жьҭаара 28 рзы.

Урыстәылатәи амобилтә госпиталь аҟынтәи раԥхьатәи апациентцәа ылҩаауп

Урҭ руаӡәк, Замира Џьергениаԥҳа лажәақәа рыла аҳақьымцәа иааиԥмырҟьаӡакәа ачымазцәа ахылаԥшра рырҭон. Ес-жәа минуҭ инеины игәарҭон.

"Аԥхьатәи абжьымш аҩны схы схәышәтәуан, аха нас сҳақьым арахь саалышьҭит. Ара зегьы ацхыраара ду ҳарҭеит. Аҳақьымцәа ааҳԥырымшәо иаҳхылаԥшуан. Иара убасгьы ҳаиҳабыра ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп иҟарҵо ацхырааразы", - лҳәоит Замира Џьергениаԥҳа.

500 тест рҟынӡа COVID азы иҭырҵаахьеит амобилтә госпиталь аҿы

Лада Харитонова, иара убас амобилтә госпиталь дапациентхеит. Лара Гәдоуҭатәи COVID-центр аҿы санитаркас дыҟан. Иара уа ишьҭылкааит акоронавирус. Ахалахыхәышәтәра анылмыхәа Лада агоспиталь ахь днаган.

"Аҳақьымцәа даара бзиа иаҳзыҟан. Ачымазара ыҟоуп, уи хырыҩ аҭара аҭахӡам. Ауаҩы ахьҭа илаланы ихы ибозар, иаразнакы аҳақьым иахь дыдҵаалароуп", - лҳәоит Харитонова.

Агоспиталь аҿкчымазаратә ҟәша аиҳабы Альберт Татаркулов иҳәеит иоурышьҭуа апациентцәа рҭагылазаашьа шҭышәынтәалоу. Иара иҳәеит дара бжьаратәла ишыҟаз рчымазара ахьанҭара. Иахьазы агоспиталь аҿкчымазаратә ҟәшаҿы 26 пациент ыҟоуп, зынӡа – 60-ҩык. 

"Агоспитальтә ҟәша ԥшьҩык апациентцәа рылҩаара мҩаԥнагоит. Апациентцәа рыбжьара хәыҷы дыҟам, зегьы дууп", - азгәеиҭеит иара.

Жьҭаара 19 рзы Аԥсны Атәылахьчара аминистрра иҟанаҵаз аҳәарала Аԥсныҟа иаашьҭын хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь, 100 иара-ҭыԥ змоу. Убри аан иахәҭаны иҟалар агоспиталь 150 пациент рҟынӡа аднакылар алшоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: