Роспотребнадзор 1000 тест-система COVID-19 адиагностиказ Аԥсныҟа иаанашьҭит

© Sputnik / Рамиль Ситдиков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТестирование россиян на наличие антител к COVID-19
Тестирование россиян на наличие антител к COVID-19 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭҵаарадырратә центр "Вектор" атест-системақәа урыстәылатәи аган иаанашьҭит Аԥсны акоронавирустә инфекциа аламырҵәаразы ацхыраараз.

АҞӘА, жьҭаара 28 - Sputnik. Роспотребнадзор ареспубликатә санитар-епидемиологиатә станциа иазаанашьҭит зықь тест-систем акоронавирустә инфекциа COVID-19 адиагностика амҩаԥгаразы ҳәа ааицҳауеит Ареспубликатә санитартә бактериологиатә лабораториа аиҳабы Астан Аҩӡба.

Тестирование россиян на наличие антител к COVID-19 - Sputnik Аҧсны
500 тест рҟынӡа COVID азы иҭырҵаахьеит амобилтә госпиталь аҿы

Иара иажәақәа рыла ариаҟара тест-система 10 000 ҭҵаара ирызхоит. Ари аус алыршахеит Аԥсни Урыстәылеи ргәабзиарахьчаратә министррақәа реиныррала.

"Уажәшьҭарнахыс ҳусура ԥкырада имҩаԥыслоит", - иҳәеит Аҩӡба.

Астан Аҩӡба иҳәеит аҵыхәтәантәи амшқәа рзы рус маҷк имариахеит, анализ аҽны аҭак аздырхиоит.

Аҩӡба иажәақәа рыла ареспубликатә лабораториа аусура еиҳа имариахеит аҭҵаарақәа Аҟәа иаадыртыз арратә госпиталь аҿи ахатә лабораториақәа рҿи имҩаԥырго иахьалагаз азы.

Аҭҵаарадырратә центр "Вектор" атест-системақәа урыстәылатәи аган иаанашьҭит Аԥсны акоронавирустә инфекциа аламырҵәаразы ацхыраараз. Ари Роспотребнадзор иаанашьҭуа агуманитартә цхыраара аҩбатәи апартиоуп. Уаанӡагьы иаашьҭын иара убри аҟара тест-системақәеи ареагентқәеи.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0