АҞӘА, жьҭаара 29 - Sputnik. Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәышәтәырҭа уажәшьҭарнахыс еиԥҟьарада афымцалашара аиулоит, аҳәоит ақалақь ахадара асаит адырраҭараҿы.
Ари алыршахеит жьҭаара 28 рзы адизель-генератор анықәдыргыла ашьҭахь.
Уаанӡа аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба адҵа ҟаиҵахьан ахәышәтәырҭа еиԥҟьарада афымцалашара аиуа аҟаҵаразы COVID-19 чымазцәа рыпроцедурақәа еиԥымҟьарц азы.
Аҿкчымазаратә хәышәтәырҭа жьҭаара 3 раахыс акоронавирустә инфекциа змоу ауаа аднакылоит. Уи азы уа ирхиоуп 30 иара-ҭыԥ. Ахәышәтәырҭа иахәҭоу ахәшәқәа рыла еиқәыршәоуп.
Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра адыррақәа рыла Гәдоуҭатәи аковид-госпиталь аҿы иҟоуп– 250 иара-ҭыԥ, Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәышәтәырҭаҿы – 30, Очамчыратәи ахәышәәтырҭаҿы – 20. Гагра иахьазы 18 ҭыԥ рхиоуп, аха араион ахада ихаҭыԥуаҩ Баҭал Берзениа ишиҳәо ала абҵара 2 рҟынӡа иазыԥхьагәаҭоуп аҽа 30 ҭыԥ.
Иара убас аҟәатәи ахәыҷтәы поликлиникаҿ жьҭаара 22 рзы иаартын акабинет COVID-19 змоу ахәыҷқәа рзы, аполиклиника иаҭоуп 20 ПЦР-тести аппарат ИВЛи.
Урыстәылантәи Аԥсныҟа амобилтә госпиталь 100-ҩык рҭыԥ амоуп, аха иаҭаххар, 150-ҩык рҟынӡа акоронавирус змоу апациентцәа аднакылар алшоит.
Апандемиа ааҟалазар Аԥсны 4058 акоронавирус хҭыс аарԥшуп. Ргәабзиара шьақәгылеит 2071-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 36-ҩык.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: