COVID-19 змоу апациентцәа рзы 450 ҭыԥ рхиоуп Аԥсны

© Sputnik / Томас ТхайцукРоссийский военный госпиталь в Сухуме принял первых пациентов
Российский военный госпиталь в Сухуме принял первых пациентов  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьазы Аԥсны иахьаҵанакуа – 3739-ҩык чмазцәахахьеит, ргәабзиара шьақәгылеит – 1462-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 35-ҩык.

АҞӘА, жьҭаара 26 – Sputnik. Аԥсны ахы-аҵыхәа иахьаҵанакуа COVID-19 змоу апациентцәа рзы 450 ҭыԥ рхиоуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маӡаныҟәгаҩ Дамеи Касланӡиа.

Урыстәылантәи Аԥсныҟа амобилтә госпиталь 100-ҩык рҭыԥ амоуп, аха иаҭаххар, 150-ҩык рҟынӡа акоронавирус змоу апациентцәа аднакылар алшоит.

Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра адыррақәа рыла Гәдоуҭатәи аковид-госпиталь аҿы иҟоуп– 250 иара-ҭыԥ, Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәышәтәырҭаҿы – 30, Очамчыратәи ахәышәәтырҭаҿы – 20.  Гагра иахьазы 18 ҭыԥ рхиоуп, иазыԥхьагәаҭоуп аҽа 30 ҭыԥ.

Иара убас аҟәатәи ахәыҷтәы поликлиникаҿ жьҭаара 22 рзы иаартын акабинет COVID-19 змоу ахәыҷқәа рзы, аполиклиника иаҭоуп 20 ПЦР-тести аппарат ИВЛи.

Апандемиа ааҟалазар Аԥсны 3739 акоронавирус хҭыс аарԥшуп. Ргәабзиара шьақәгылеит 1462-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 35-ҩык.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0