Даныршь ашьҭахь ахара иқәырхит: Хынтрыгә Ажьиба ихҭысыз

1937-тәи ашықәсқәа раан Сталини Бериеи рполитика хәашь иахәлабгеит шәҩыла ҳауаажәлар. Харада ахара рыдҵаны иҭаркуан, иргәаҟны иршьуан, Сибраҟа иахыргон иреиӷьыз усҟантәи абиԥара ахаҭарнакцәа. Убарҭ дреиуоуп Мгәыӡырхәа ақыҭсовет асҭаршынс иҟаз Хынтрыгә Пас-иԥа Ажьибагьы.
Sputnik

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Хынтрыгә Пас-иԥа Ажьиба диит Мгәыӡырхәа ақыҭан. Арԥыс ихшыҩ ҵарын азы, ашкол ашьҭахь дҭалоит Новороссиск иреиҳау аҵараиурҭақәа руак, ибзиаӡангьы иҵара хиркәшоит. 1938 шықәсазы ақыҭаҿы асҭаршын имаҵура ныҟәигон. Ацәгьахәыццәа дрыхҟьаны, НКВД аусзуҩцәа атроцкист ҳәа ахара идҵаны, Гагра, Абааҭатәи абахҭахь дганы дҭаркуеит.

Аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз ргәаладыршәеит Гагра

Хынтрыгә дзыниаз аҭоурых инҭкааны илзымдыруазаргьы, леиҳабацәа рҟынтә илаҳахьоу ҳацеиҩылшеит имоҭа Левтина Ажьиԥҳа. Лара лажәақәа рыла, Хынтрыгә дырҳәацәаны, ааха дарганы Гәымсҭа аӡиас азааигәара иҟаз акьырҭра дҭарблит. Иԥсыбаҩ ахьыҟаҵәҟьоу иахьагьы ихылҵшьҭроу ирыздырӡом.

"Садбу данҭаркуаз 35 шықәса ракәын ихыҵуаз. Усҟан иԥшәмаԥҳәыс Катица Бебиаԥҳа ахәбатәи лхәыҷы изы лцәа лтәымкәа дыҟан, аиҳабы жәашықәса ихыҵуан. Асаби дани ашьҭахь, уи дызбоз длымамызт азы, дылгәыдыҳәҳәала, шьапыла Мгәыӡырхәантәи Гаграҟа даауан, лхаҵа иԥсҭазаашьоу лаҳауазар ҳәа. Ҽнак зны амҩахь мызкы зхымҵӡацыз лхәыҷы длыцәԥсхьан азы лныҟәарақәа аанылкылар акәхеит. Усгьы лгәы зырҭынчша жәабжь лмаҳаит, уинахысгьы зынӡа акәаԥ ргылахеит", - еиҭалҳәоит амоҭа.

Аӡыхь ахы ыҵызхыз: аишьцәа Кьахьыраа Гагра ршьапы шадыркыз

Катица Бебиаԥҳа лхаҵа данҭарк, атроцкист иҭаацәа ҳәа рыҩны иҩназ зегьы дәылганы иргеит. Рбаҳчаҿы изызҳауаз ашәыргьы цырак иақәиҭмызт. Аҿыхра аамҭа анааилак аиҳабыра ааины иҿҟәшәааны ирыманы ицон.

"Саб Наизыр еиҭеиҳәоны исаҳахьеит бжьышықәсаҟа анихыҵуаз, ирфоз рымамызт азы, иан ашьыжь шаанӡа маӡала, иҟалахьаз шәырқәак ҟәшәаны аҭира дшылшьҭыз. Аха амҩан дызбаз ацәгьаҳәаҩцәа атроцкист иԥа ашәыр ӡаны аҭира игәы иҭоуп ҳәа, дышҵәыуоз иеидара имырхит. Аҭаацәа рыԥсҭазаашьа даара иуадаҩын. Ран абысҭаҵәҟьа луртә еиԥш ашыла лызхаӡомыз, аҟьаҭҟьаҭ  ршьшьны ирҿалҵон", - лажәа иацылҵоит Левтина.

Катица Бебиаԥҳа лыхшареи лареи Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аналага маҷк рыԥсы еивыргеит. Лаҳәшьа ҳамҭас аџьмақәа лылҭеит. Урҭ ирымҵуаз ахш-хырҵәы ала ахәыҷқәа ныҟәылго далагеит.

Зҭоурых иамырҭынчуа апоет: Белла Барцыцԥҳа лыҿцәажәара

Хынтрыгә иеиҵбы Мирод, атроцкист диашьоуп ҳәа Ленинград иреиҳау аҵараиурҭаҿы аиурист изанааҭ шиоузгьы акариера изыҟамҵеит.

"Ҳабду Пас 149 шықәса ниҵеит. Иԥсы ахьынӡаҭаз, ажьырныҳәаан, ажьирахь имоҭацәа иманы даннеиуаз, "абарҭ раб ихараны дыршьызаргьы, мамзаргьы ихарамзаргьы, уара унапы иануп, ирықәнаго иақәшәааит" иҳәалон", - илаҳахьоу ахҭысқәа дрылацәажәоит Левтина Ажьиԥҳа.

1957 шықәсазы, Хынтрыгә дыргәаҟны даныршь ашьҭахь, ҩажәа шықәса ааҵуаны, иԥшәмаԥҳәыс Катица Бебиаԥҳа ашәҟәы лзаауеит лхаҵа иус ацәгьоура аҵамызт, ахара идҵара аанкылоуп ҳәа зныз.

Даныршь ашьҭахь ахара иқәырхит: Хынтрыгә Ажьиба ихҭысыз

20 шықәса атроцкист иҭаацәа ҳәа иҵәылырхуаз, зыҩни збаҳчеи ишахәҭоу еиԥш ԥшәымара ззамҭоз Катица Бебиаԥҳа лхәыҷқәеи лареи ари ашәҟәы уажәшьҭа иабарыхәоз. Аха уеизгьы ргәы арҭынчит Хынтрыгә ихьӡ ахьҟьашьымыз.

Хынтрыгә Ажьиба ихылҵыз адунеи рыԥсаххьеит, аха имоҭацәа иахьа аӡә иашьҭахь игылам, Анцәа ишиҳәара иҟоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: