Аӡыхь ахы ыҵызхыз: аишьцәа Кьахьыраа Гагра ршьапы шадыркыз

© Foto / предоставлено Рафаелем БенияАрзамеҭ Кьахьырип,а
Арзамеҭ Кьахьырип,а - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа жәлар "ахара" анрыдаз аамҭақәа раан, Гагра ақалақь аҿы адгьыл аахәаны араҟа зшьапы азаркыз, уимоу, апринц Ольденбургтәи иҩызцәахаз аишьцәа Кьахьыраа (Бениаа) ирызкуп ари анҵамҭа. Ажәабжь еиҭеиҳәеит урҭ ирхылҵшьҭроу Рафаель Бениа.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Кадыри, Салҵыкәи, Џьгәанаҭи Кьахьыраа (Бениаа) анхаҩ нагацәа ҳәа ззырҳәоз, Бармышь ақыҭан еицырдыруаз хҩеишьцәа гәакьацәа ракәын. Урҭ рынхара, рынҵыра уаҩ деилаҳауан. Рырахә мацара ахыԥхьаӡара зқьыла иҟан.

© Foto / предоставлено Рафаелем БенияКадыри Салҵыкәи Бениаа
Аӡыхь ахы ыҵызхыз: аишьцәа Кьахьыраа Гагра ршьапы шадыркыз - Sputnik Аҧсны
Кадыри Салҵыкәи Бениаа

Ҽнак зны, аишьцәа Гагра, Жәаҩакәаратәи аиҩхаала арахә ашьхаҟа ианкарцоз (усҟан аарҩаран), иӡышуаз аԥстәқәа адгьыл ацәаакыра ахьалсуаз аҭыԥ анырба, рқьышәқәа аларԥаны аӡы иашьҭалеит. Аишьцәа руаӡәы рааигәара даннеи, ибеит аӡымҩангагатә цәаҳәа. Уи Гагра акурорт ҳасабала ашьаҭа азыркыз апринц Ольденбургтәи ишьҭеиҵақәаз иреиуан. Ахаҵа итапанчала данеихс, агәы аакылижәан, аӡы ыҵхәраа алеира иалагеит. Ари ахҭыс атәы амҩасцәа руаӡәы иаразнак апринц иҟынӡа инеигеит. Егьи, ацәгьаҳәаҩ игәҭахәыцрақәа ицеиҩымшакәа, "аиаша ҟаиҵеит, аӡыхь иахьахәҭаз иааиртит" ҳәа иаҭеикзаап. Уи нахыс "аишьцәа Кьахьыраа рӡыхь" ҳәа ажәлар рҟны ахьӡ ахылеит.

© Foto / предоставлено Рафаелем Бения Џьгәанаҭ Кьахьыриԥа (Бениа)
Аӡыхь ахы ыҵызхыз: аишьцәа Кьахьыраа Гагра ршьапы шадыркыз - Sputnik Аҧсны
 Џьгәанаҭ Кьахьыриԥа (Бениа)

Кадыри, Салҵыкәи, Џьгәанаҭи хара ихәыцуаз, аԥсабаратә ҟәышра злаз уаан. Дара еилыркаауан апринц Ольденбургтәи тәамбашақә ишизныҟәаз, аха иара иааирԥшыз аамысҭашәара ахә ҳаракны иршьеит. Иҭабуп ҳәагьы иарҳәарц, ашьхантә ианылбаауаз ҳамҭас изааргеит ашьабсҭа ԥшқа аԥсы шҭаз. Абас ала, еизыразхеит, анаҩсгьы аиҩызара рыбжьалеит аҩганк.

© Foto / предоставлено Рафаелем БенияАвқсенти Кьахьыриԥа (Бениа)
Аӡыхь ахы ыҵызхыз: аишьцәа Кьахьыраа Гагра ршьапы шадыркыз - Sputnik Аҧсны
Авқсенти Кьахьыриԥа (Бениа)

Аишьцәа Кьахьыраа рыҵәҩаншьап ахьарсыз Бармышь ақыҭа иалҵны ицарцгьы ргәы иҭамызт, аха уеизгьы ирҭахын ҩба-хԥа аԥсыуа ҭаацәара рыда ахьнымхоз Гагра ақалақь аҟны дгьыл ҽыҭк аахәара. Ус ираҳаит Петров зыжәлаз аамысҭак ишиҭиуаз.

"Аԥсуа жәлар Урыстәылатәи аимпериа "ахара" анрыдырҵаз аамҭақәа раан рыԥсҭазаараҿы аԥынгылақәа рацәахеит. Аишьцәа Кьахьыраа апринц Ольденбургтәи иажәалагала иабзоураны, усҟан Қәҭешьтәи агуберниа иахагылаз Гагра адгьыл аахәаразы азин рырҭеит. Хара имгакәангьы, Кадыри, Салҵыкәи, Џьгәанаҭи еилахәны ақалақь агәҭа аҩнду ӷьазӷьазуа идыргылеит", - еиҭеиҳәоит Кьахьыраа ирхылҵшьҭроу Рафаель Бениа.

Дамеи Чаӷыр-иԥа Мықәба ихылҵшьҭра - Sputnik Аҧсны
Мықәаа рҭаацәара аҭоурых: ҩыџьа аицалацәа абиԥарак шыдмырӡыз

Аишьцәа рыҩны ҩ-еихагылакны ишьҭырхит, ашьхатә хаҳәла ирчаԥеит. Ҵаҟа иаадыртит ахцәыҟаҵарҭа, адәқьан, ажьирҭа. Аҩбатәи аихагыла сасааирҭахеит. Араҟа еиҳарак иаанҿасуан аҭырқәа ҭуџьарцәа. Ишнеиуаз, апартиатә усзуҩцәа иреизарҭа ҭыԥхеит.

"Аишьцәа Кьахьырааи Нестор Лакобеи аиуара рыбжьан, еиҩызцәан, рыгәра еибагон. Ари асасааирҭаҟны изныкымкәа ареволиуционер апартиатә усзуҩцәа иманы даанҿасхьан, аҳәынҭқарратә усқәа ирылацәажәахьан", - инаҵишьит ажәабжьҳәаҩ.

© Foto / Марина БарцыцБарцыц Ҟамӷаз (Џьали-иԥа Џьамырды иԥа), Кьахьыриԥа (Бениа) Кадыр. 1920-тәи ашықәсқәа.
Аӡыхь ахы ыҵызхыз: аишьцәа Кьахьыраа Гагра ршьапы шадыркыз - Sputnik Аҧсны
Барцыц Ҟамӷаз (Џьали-иԥа Џьамырды иԥа), Кьахьыриԥа (Бениа) Кадыр. 1920-тәи ашықәсқәа.

Арепрессиатә аамҭақәа раан, аишьцәа абырг қәра ишҭагылазгьы, Сталини Бериеи рполитика хәашь иахәлабгоит. Рыхҩык рахьтә Салҵыкә хышықәса аҭакра ихыганы даауеит, Кадыри Џьгәанаҭи аишьцәа ирхылҵқәаз Авқсентии, Арзамеҭи, Грышьеи дырӡуеит.

"Џьгәанаҭ Бармышь ақыҭсовет дахагылан. Аиҳабыра ааины абжьгара ирҭоит ақыҭа ахьӡ Бармышь ахыхны Сталин ҳәа ахьӡырҵарц. Хымԥада, иара иаартны мап имкит, аха "ари ахьӡ ҳаракы аныҟәгара хцәыуадаҩхоит" ҳәаны, аамысҭашәала акәаԥ иргылоит. Хара имгакәа Сталин диҿагылеит ҳәа ахара идырҵоит. 80 шықәса ирҭысхьаз Кадыр иакәзар, шьхала Ҟарачы-Черқьесиаҟа дышцоз, дыҭҟәаны дыргоит. Авқсенти исабицәа рыла ҭраа ишԥшуаз, аҩнынтәи ддәылыргоит. Абарҭқәа роуп санду Малед Агрԥҳа лҟынтә исгәалашәо", - еиҭеиҳәоит Рафаель Бениа.

Кьахьыраа арыцҳара ианақәшәа, Бармышь раб игәараҭа иазынхаз аҭацацәеи асабицәеи роуп. Убри аҟнытә, Гагра илеины аҩны хылаԥшра азҭоз ҳәа уаҩ дҟамлеит. Аамҭа анца, Кьахьыраа идыргылаз ахыбра ақалақь амазарахь ииасит.

"Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аламҭалазы саб Манча дашьҭалеит закәанла ари ахыбра Кьахьыраа рҭаацәара ирыздырхынҳәырц, усҟан инапаҿгьы иман аишьцәа аамсҭа Петров иҿы адгьыл зларыхәҳаз зырҵабыргуаз ашәҟәы, убас аҩны уадақәак қьырала изгоз рҿынтә ашәахтә зларшәоз ақьаадқәа. Аха нас аибашьра алагеит, арҭ аршаҳаҭгатә қьаадқәагьы нбжьаӡит", - иҳәоит Рафаель Бениа.

Гьаргь Аргәын - Sputnik Аҧсны
Зыҵәҩаншьап мыӡыз: Мамсыр Аргәын ихылҵшьҭра рҭоурых

Шықәсқәак раԥхьа, зегь акоуп, аӡбарҭа ишьақәнаргылеит ари ахыбра Кьахьыраа рмазара шакәу, аха архынҳәра иадҳәалоу амеханизм макьаназы иҿаҟәахеит.

Аамҭа-аамҭала Кьахьыраа рыҩнаҟны Ақалақьтә хеилак, ақыҭанхамҩатә усбарҭа уҳәа аҭыԥқәа ааныркылон. Иахьа ахыбра ҭацәуп. Ииашахар ҟалап, аҩны ауасхыр шьҭазҵаз аишьцәа рҭаацәа аобиект рнапахьы иааир. Усҟан аԥсы рхаларын аҭоурых ду змоу аҭыӡқәа. Ас еиԥш иҟоу аргыларақәа ҳажәлар рнысымҩа иасимволуп.

"Аишьцәа Кьахьыраа рӡыхь" сазыхынҳәуа исымҳәарц залшом, ари аҭыԥ абнара шахысхьоугьы, урҭ ирхылҵшьҭроу абиԥара ҿа ргәы ишҭоу иԥшааны, ирыцқьаны, ҩаԥхьа рабдуцәа рӡыхь аартра.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0