Гәниа: аҿкчымазаратә хәышәтәырҭаҿы амедицина усзуҩцәа азхом

Абҵара акы азы Аҟәа ахадара асиат аҿы алаҳәара ҟаҵан аҿкчымазаратә хәышәтәырҭаҿы "ацәаҳәа ҟаԥшь" аҿы аусуразы амедиеҳәшьцәеи асанитарцәеи аҭахуп ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 2 - Sputnik. Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәышәтәырҭаҿы амедицина аусузҩцәа азхом ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ахәышәтәырҭа аҳақьым хада инапынҵақәа назыгӡо Асҭамыр Гәниа.

Аҿкчымазаратә хәышәтәырҭа еиԥҟьарада афымцалашара аиулоит

"Ҳара ҳҿы уахи-ҽни аҷаԥшьара еиҿкаауп. Иахәҭаны иҟазароуп 15 амедиеҳәшьа" , -иҳәеит иара.

Амедиеҳәшьцәа рыдагьы асанитарцәа рҭахуп, ахәышәтәырҭа аштат иалоу асанитарцәа рықәра дууп азы ҳәа иҳәеит иара.

"Асанитарцәа ракәзаргьы акыр ипроблемоуп. Ара ус зуа реиҳараҩык рықәра 70-80 иҟоуп. Дара аформа рышәҵаны аусура рылшаӡом. 35-ҩык ҳзышьҭоуп. Урҭ зегьы рыхәҭа аҟаҵара уадаҩуп", - иҳәоит Гәниа.

Иара иажәақәа рыла иҟоуп аҩны аҽыхәышәтәра злымшо, иахәҭо ахәшәқәа ззаамхәо ахәышәтәырҭахь ианаарго ыҟоуп.

Иахьазы Аԥсны 4302-ҩык акоронавирус рыхьхьеит, 2314-ҩык ргәы бзиахеит, 42 – рыԥсҭазаара иалҵит.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>