Абҵара 4-7 рзы атроллеибусқәа рныҟәара аанкылахоит Аҟәа

Ақалақьтә транспорт (автобусқәа, атроллеибусқәа, амаршруттә таксиқәа) Аидгылара амҩала рмаршрут ҿыц азыԥхьагәаҭан 2020 шықәса абҵара 1 инаркны.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 3 – Sputnik. Абҵара 4-7 рзы атроллеибусқәа рныҟәара Аҟәа иаанкылахоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит АУН "Атроллеибустә усбарҭа" анџьныр хада Енвер Чамагәуа.

Аидгылара амҩаҿы атранспорт ганкы мацарала иныҟәалоит

"Атроллеибустә цәаҳәа Аидгылара амҩахь иахьиарго инадҳәаланы, хымш рыҩныҵҟа ҳусуҩцәа аҳа уахь ииаргалоит", - иҳәеит иара.

Атроллеибусқәа абҵара 7 рҟынӡа егьырҭ амаршрутқәа рылагьы иныҟәалом ҳәа иҳәеит Чамагәуа.

Аамҭалатәи амаршрут ҿыц Аидгылара амҩахь ииагоуп Абазақәа рымҩаҿы акоммуникациақәа ахьырыԥсахуазы.

Абазақәа рымҩаҿы аремонттә усурақәа мҩаԥыслоит ҩба-ԥшьба мзы рыҩныҵҟа.