Аидгылара амҩаҿы атранспорт ганкы мацарала иныҟәалоит

© Sputnik / Томас ТхайцукУлица Аидгылара в Сухуме
Улица Аидгылара в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абҵара 1, 2020 шықәса инаркны ақалақьтә уаажәларратә транспорт (автобусқәа, атроллеибусқәа, амаршруттә таксиқәа) амаршрут ҿыц рзалххоит Аидгылара амҩаҿы.

АҞӘА, жьҭаара 13 – Sputnik. Аҟәа, Абазақәа рымҩаҿы акоммуникациақәа аремонт рзура инадҳәаланы абҵара акы инаркны Лакоба имҩаҟынтәи Арӡынба имҩаҟынӡа атранспорт аныҟәара ганкахьала мацара иҟалоит ҳәа аанацҳауеит ақалақь ахадара асаит.

Аҟәа ахада Беслан Ешба ари аусԥҟа инапы аҵаиҩит амҩатә ныҟәара ашәарҭадара аиҿкааразы.

"Абҵара 1, 2020 шықәса инаркны ақалақьтә уаажәларратә транспорт (автобусқәа, атроллеибусқәа, амаршруттә таксиқәа) амаршрут ҿыц рзалххоит Аидгылара амҩаҿы", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Амҩатә ныҟәара аиҿкаареи атранспорти рзы адепартаменти рнапы ианҵоуп ақалақьтә транспорт аныҟәаразы амаршрут ҿыц аиҿкааразы иахәҭоу ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара.

Аҟәа ақалақь ахадара амҩатә ныҟәара ашәарҭадареи атранспорт аҟәшеи реиҳабы Ҭемыр Абӷаџь Sputnik иазеиҭеиҳәеит Лакоба имҩа инаркны Арӡынба имҩаҟынӡа ишазыԥхьагәаҭоу абокс ашкол аԥхьа аангыларҭа. Уи адагьы ари амҩахәҭа иахәҭоу амҩатә дыргақәа рыла еиқәыршәахоит.

Абазақәа рымҩаҿы аусурақәа ҩымз инаркны ԥшьымз рҟынӡа ирыдхалар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0