Аацытәи амҩа акаҭран ақәҵаразы аусурақәа ахыркәшарахь инеиуеит

Аацы ақыҭа амҩа хада акапиталтә ремонт мҩаԥысуеит Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара Аинвестициатә программа инақәыршәаны.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 4 – Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа араион Аацы ақыҭахь амҩа аремонт ахыркәшарахь инеиуеит ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит "Амҩа-ргыларатә комбинат" адиректор хада Георги Мелаӡе.

"Иахьа ма уаҵәы аремонтҟаҵара хҳаркәшараны иҟоуп. Уажәы акаҭран ашьҭаҵара ҳаҿуп. Быжь-километрак иҟоуп аура, аҭбаара –4,8 метра. Акаҭран аҿыгҳара 5 сантиметрак иҟоуп", - иҳәеит  Мелаӡе.

Амҩа-ргыларатә хеилак аҟазауаа Аацытәи амҩа аремонт иалагеит 20 мшы раԥхьа. Аацы ақыҭа амҩа хада акапиталтә ремонт мҩаԥысуеит Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара Аинвестициатә программа инақәыршәаны.

Аацытәи амҩа акаҭран ақәҵаразы аусурақәа ахыркәшарахь инеиуеит

Ахәԥса 32,9 миллион мааҭ ыҟоуп. Ахархәара рыҭоуп 20 ак атехникеи 50-ҩык аусуцәеи.

Мелаӡе иҳәеит иааиуа амчыбжь азы 8,5 километра иҟоу Пицундаҟа ицо амҩа аремонт ишалаго. Абри ашьҭахь ииасуеит 10 километрак инаӡо Аҷандареи Абӷархықәи рахь ицо амҩа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: