Ашыц ааӡарҭа аадыртит Очамчыра

Апитомник аԥҵоуп ООН ақыҭанхамҩеи афатәааглыхреи реиҿкаара ацхыраарала Аԥсны ашыц аиҭашьақәыргыларазы.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 4 – Sputnik. Ашыц ааӡарҭа аадыртит Очамчыра Аԥснытәи аҭҵаарадырратә абнатә ԥышәаратә станциаҿ.

Ааӡарҭа аԥҵоуп ООН ақыҭанхамҩеи афатәааглыхреи реиҿкаара ацхыраарала, Аԥсны 2012 шықәсазы Шәачантәи иқәнагалаз амцаԥшьхәаҷа зԥырхагахаз ашыц аиҭашьақәыргыларазы. Усҟан Урыстәыла аолимпиатә комплексқәа рзы Италиа иаанахәаз ашыц еиҭаҳатә Китаитәын, амцаԥшь хәаҷа иаҟьышьны иҟан.

Ашыц ааӡарҭа аадыртит Очамчыра

АбНИЛОС адиректор Витали Леиба иажәақәа рыла Аԥсны амцаԥшь хәаҷа анцәырҵ ашьҭахь иаанхаз ашыц ԥшь-процент заҵәык роуп.

"Ашыц ачымазара апроцесс 10 шықәса раԥхьа ицәырҵит. Ауадаҩрақәа ыҟан иара аиҭашьақәыргыларазы. Усҟан иеиҳабыратәым аиҿкаара "Аԥсабара" апитомник 30 000 шыцгәаӷь ҳарҭеит цхыраарак аҳасабала", - еиҭеиҳәоит Леиба.

Ашыц ааӡарҭа аадыртит Очамчыра

АбНИЛОС ахатәы мчқәа рыла еиҭа 50 000 гәаӷь рыԥшааит. Сынтәазы иларҵахьеит ҩ-нызқьи бжаки гәаӷь.

"Ашыц – аизҳара маҷӡоуп. Агәаӷь иалхны здац ӷәӷәахо ашыц аиуразы 7-8 шықәса аҭахуп", - иҳәоит  Леиба.

Ашыц ааӡарҭа аадыртит Очамчыра

Колхидатәи мамзаргьы кавказтәи ашыц — реликттә ҵлажәлоуп. Иара ахьҭақәа ачҳауеит −10 °C рҟынӡа, 600 шықәса ннаҵуеит. Аизҳара ашьшьа-шьшьыҳәоуп ишымҩаԥысуа – шықәсык ала сантиметрақәак иазҳауеит.