Кындыӷ ақыҭаҿы амҩатә машәыр иахҟьаны ԥшьҩык ауааԥсыра ҭахеит

Амҩатә машәыр ҟалеит ареспубликатә трасса Ԥсоу-Егры аҿы ахәылбыҽха, асааҭ быжьба рзы.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 6 - Sputnik. Очамчыра араион Кындыӷ ақыҭаҿы иҟалаз амҩатә машәыр иахҟьаны ԥшьҩык ауааԥсыра ҭахеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА Facebook аҿтәи адаҟьаҿы.

Авариа ҟалеит ареспубликатә автотрассаҿы. Автомашьынақәа, "Мерседес"-и ВАЗ-2107-и ааихеит ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Кындыӷ ақыҭаҿы амҩатә машәыр иахҟьаны ԥшьҩык ауааԥсыра ҭахеит

Адыррақәа рыла иҭахаз ВАЗ апассаџьырцәа роуп. "Мерседес" аԥсҟы зкыз аахақәа иманы амедусҳәарҭахь днагоуп.