"Ари аҩыза ақәҿиара аӡәгьы имамызт": РУСДРАМ новгородтәи афестиваль иалахәын

Фиодор Достоевски ироман ала иқәыргылоу аспектакль "Ахәмарыҩ" РУСДРАМ аҿы аԥхьарбара мҩаԥысит 2018 шықәса рзы.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 9 – Sputnik. Искандер ихьӡ зху аурыс драматә театр абҵара 8 рзы аспектакль "Ахәмарыҩ" рыманы иқәгылеит Достоевски Жәларбжьаратәи итеатртә фестиваль аҿы, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит атеатр адиректор хада Иракли Хынҭәба.

"Аамҭа шмаҷызгьы сгәанала зегь еиқәышәшәа иҟалеит. Сара, ҳтеатр иааҟанаҵо зегь даара иҵзыршәшәаауа аӡә сакәны зегьы анализ рзызуеит, алкаақәа ҟасҵоит, аха ари аспектакль арбара даара иҳақәҿиаз акакәны сахәаԥшуеит", - иҳәеит Хынҭәба.

Аспектакль "Ахәмарыҩ" иалахәын аԥсуа капеллагьы, аха уажәы дара афестиваль ахь ацара рзалмыршеит. Акапелла рыԥсахит Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист Владимир Беглецов напхгара зиҭо Санкт-Петербургтәи ахор. Хынҭәба ишиҳәаз ала актәи арепетициа инаркны ахори актиорцәеи иаразанкы еинаалеит.

Новгородтәи агастрольқәа: РУСДРАМ афестиваль ахь амҩа иқәлоит аспектакль "Ахәмарыҩ" аманы

Иракли Хынҭәба иҳәеит дзыҿцәажәаз акритикцәа зегьы ишазгәарҭаз афестиваль аҿы уажәазы адагьы уаанӡатәи ашықәсқәа раангьы, асеиԥш ақәҿиара змаз аҽа қәыргыламҭак шыҟамыз.

"Аԥснытәи атеатр иҟанаҵаз – апофеозуп! Ароман азнеишьа, актиорцәа рыхәмаршьа, ахор. Новгородтәи афилармониа ари аҩыза амбацызт. Актиорцәа рыхәмаршьа џьашьахәуп. Оумашәа дыхәмарит арԥыс қәыԥш (актиор Гурам Кәыҵниа – аред.). атеатр бзиа избоит. Бзиа избоит иахьатәи аиԥш аартрақәа.Заҟа Аԥсны анҭыҵ ақәгыларақәа мҩаԥыжәго аҟара шәыӡбахә рылаҵәоит. Новгород ауааԥсыра ргәы аҭҟәашьа шәақәшәеит. Шәаҳҭаала аспектакльқәа шәыманы. Ҳашәзыԥшызаауеит", - лҳәеит ахәаԥшҩы Наталиа Холотыгина.

Фиодор Михаил-иԥа Достоевски ироман ала иқәыргылоу аспектакль "Ахәмарыҩ" РУСДРАМ аҿы аԥхьарбара мҩаԥысит 2018 шықәса рзы.