Новгородтәи агастрольқәа: РУСДРАМ афестиваль ахь амҩа иқәлоит аспектакль "Ахәмарыҩ" аманы

© Sputnik / Томас ТхайцукСпектакль "Игрок" в РУСДРАМе
Спектакль Игрок в РУСДРАМе - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аспектакль "Ахәмарыҩ" РУСДРАМ аҿы аԥхьарбара мҩаԥысит 2018 шықәса рзы. Уажәы ҩынтәуп иара рыманы агастрольқәа рахь ицоижьҭеи.

АҞӘА, абҵара 3 – Sputnik. Искандер ихьӡ зху аурыс драматә театр абҵара 8 рзы Достоевски жәларбжьаратәи итеатртә фестиваль ахь ааԥхьара рымоуп, Новгородҟа ицоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит атеатр адиректор хада Иракли Хынҭәба.

"Мызқәак раԥхьа ааԥхьара ҳарҭеит иналукааша атеатртә фестивальқәа иреиуоу Достоевски жәларбжьаратәи итеатртә фестиваль ахь, Новгородҟа. Ҳара жәларбжьаратә программа ҳалахәхоит, аспектакль "Ахәмарыҩ" (Игрок) –Антон Киселиус иқәыргыламҭа аагоит", - иҳәеит Хынҭәба.

Афестиваль иалахәхоит Москва, Санкт-Петербург, Белгород, Псков уҳәа Урыстәыла атеатрқәа жәпакы. Жәларбжьаратәи апрограмма ркьаҿуп атәылақәа зегьы рҳәаа ахьаартым азы.

Аспектакль "Ахәмарыҩ" иалахәуп аԥсуа капелла, аха уажәы дара афестиваль ахь ацара рзалыршом. Акапелла рыԥсахуеит Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист Владимир Беглецов напхгара зиҭо Санкт-Петербургтәи ахор.

"Даара ҳгәыӷуеит ԥкырак ҳмоукәа абҵара 8 рзы ҳаспектакль дҳарбап ҳәа", - иҳәоит адиректор хада.

Аспектакль онлаин режим ала апортал Культура.рф аҿы идырбахоит.

Фиодор Михаил-иԥа Достоевски ироман ала иқәыргылоу аспектакль "Ахәмарыҩ" РУСДРАМ аҿы аԥхьарбара мҩаԥысит 2018 шықәса рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0