COVID-19 рзышьақәдырӷәӷәеит 59-ҩык Аԥсны атәылауаа, аӡәы иԥсҭазаара далҵит

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа 4831-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә згәы бзиахаз рхыԥхьаӡара 3061 ыҟоуп, зыԥсҭазаара иалҵыз – 56.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 10 - Sputnik.  COVID-19 зцәа иалаз 1936 шықәсазы ииз апациент иԥсаҭазаара далҵит абҵара 9 рзы, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Ахаҵа ахәышәтәырҭаҿы ахәышәтәра дахысуан жьҭаара 29 раахыс. Иақәнагаз атерапиа шыизымҩаԥыргозгьы, иҭагылазаашьа бааԥсхеит.

Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 зцәа иалоу реилкааразы атестқәа 305 ҟаҵан, урҭ рахьтә акоронавирус аарԥшын 59 тест рҟны.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 119-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 102-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 25-ҩык, ибжьаратәуп - 32-ҩык, илҩаауп ааҩык апациентцәа.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит 28-ҩык апациентцәа.

Аҟәа асасааирҭа "Аиҭар" иахьаҵанакуа иаадыртыз амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 41-ҩык апациентцәа. 37-ҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, ԥшьҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>