АҞӘА, абҵара 10 - Sputnik. COVID-19 зцәа иалаз 1936 шықәсазы ииз апациент иԥсаҭазаара далҵит абҵара 9 рзы, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Ахаҵа ахәышәтәырҭаҿы ахәышәтәра дахысуан жьҭаара 29 раахыс. Иақәнагаз атерапиа шыизымҩаԥыргозгьы, иҭагылазаашьа бааԥсхеит.
Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 зцәа иалоу реилкааразы атестқәа 305 ҟаҵан, урҭ рахьтә акоронавирус аарԥшын 59 тест рҟны.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 119-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 102-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 25-ҩык, ибжьаратәуп - 32-ҩык, илҩаауп ааҩык апациентцәа.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит 28-ҩык апациентцәа.
Аҟәа асасааирҭа "Аиҭар" иахьаҵанакуа иаадыртыз амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 41-ҩык апациентцәа. 37-ҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, ԥшьҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>