Аԥсуа драматә театр адиректор ихатәгәаԥхарала инапынҵақәа аанижьит

Аԥсны акультура аминистр иажәақәа рыла Аԥсуа драматә театр анапхгаҩ ҿыц хара имгакәа иӡбахә ҳәахоит.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 11 - Sputnik. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр адиректор хада, Аԥсны жәлар рартист Нодар Ҷанба ихатәгәаԥхарала инапынҵақәа аанижьит ҳәа аанацҳауеит Акультура аминистрра асаит.

Аминистр Гудиса Агрба Нодар Ҷанба иҭабуп ҳәа иеиҳәеит имҩаԥигаз аусуразы.

"Шәара дирижиор дууп, аԥсуа культурахь, ҷыдала амилаҭтә музыка, аҳәаанхыҵ ҳкультура ахьӡ-аԥша аларҵәара шәлагала ахәшьара уадаҩуп. Ҳақәгәыӷуеит шәырҿиаратә лшара ԥхьаҟагьы ахархәара аиуп ҳәа", - иҳәеит Агрба.

Нодар Ҷанба: аԥсуа музыкала имаҷҩым ҳдоуҳа абеиара еилызкааз

Ҷанба иакәзаргьы аусбарҭа аколлектив, анапхгара ҭабуп ҳәа реиҳәеит иаадырԥшуаз агәрагаразы, ирҭоз адгыларазы.

Аԥсны жәлар рартист Нодар Ҷанба Аԥсуа ҳәынҭқарратә театр адиректор хадас дҟаҵан 2018 шықәса ԥхынгәымзазы.

Аԥсуа музыкант, адирижиор, акомпозитор, Аԥсны жәлар рартист Нодар Ҷанба диит хәажәкыра 10, 1955 шықәса рзы Гәдоуҭа. 1992 - 1993 шықәсқәа рзы Аԥсны акультура аминистр.

2001 шықәса рзы Урыстәыла атеатр Ду адирижиор, апрофессор Марк Ермлер иҟны астажировка дахысуан аопера-симфониатә дирижиорра аҟазарала.

1985 рзы аус иуан Аԥсны Аҳәынҭқарратә хортә капелла адирижиорс, 1986 шықәса рзы – асахьаркыратә напхгаҩыси дирижиор хадаси.

Еиуеиԥшым ахортә, асимфониатә, аинструменталтә, афортепианатә музыкатә рҿиамҭақәа дравторуп.

2007 шықәса рзы ианашьан Аԥсны жәлар рартист ҳәа ахьӡ ҳаракы.