Cырма Ашәԥҳа, Sputnik
- Нодар Виктор-иԥа, шәара акыр шықәса Аԥсны анҭыҵ шәыҟан. Аҳәаанырцә шәара шәҟазарала ажәларқәа шәыршанхеит, уи ҳара иаҳбарҭоуп. Гәыла-ԥсыла егьа Аԥсны шәыҟазаргьы, шәыԥсадгьыл анҭыҵ шәхы шԥажәбоз?
— Аԥсны анҭыҵ сыҟоижьҭеи акрааҵуеит хымԥада уажәшьҭа, 30 шықәса инареиҳауп. Ҳахьыҟазаалакгьы Аԥсны иааӡаз аԥсуаа ҳзызхәыцуа Аԥсынтәылоуп. Уи азы ҳҳәыцрақәа роума, ҳахныҟәгашьа аума, ҳҭаацәа рыҩныҵҟатә ԥсҭзаашьа аума, иахьыкәзаалакгьы излаҳалшо ала, аԥсуара, аԥсуа доуҳа аҵаҵаны иҟоуп ҳаԥсҭазаара зегьы. Сара агәра згоит ус иҟоу шырацәоу. Иҟазар ҟалап имаҷны ауаа, баша ԥарарҳара ицо, сара сҭагылазаашьа зынӡа уи акәӡам изызкыз. Избанзар, аибашьра ашьҭахь сара сзаанаҭ амузыка акәын, сара сидеиақәа, исҭаху амузыкаҿ аарԥшра ара аҭагылазаашьа амаӡамыз, убри азы аҳәаанырцәҟа сцеит.
- Аҳәаанырцә, иарбан тәылоу шәахьыҟаз?
— Хаҭала сахьцаз Ареспублика Кореиа ауп, аҳҭнықалақь дуӡӡа Сеул. Сеул, адунеи аҟны реиҳа идуу ақалақьқәа ируакуп. Убри ақалақь аҟны, иара Ареспублика Кореиа аҟынгьы, изласылшоз ала, сахьнанагалак Аԥсны закәыз дсырҳауан, Аԥсны аҭоурых аума, акультура аума изласылшоз ала иӡырызгон. 16 шықәса инареиҳаны аус зуан, аконцертқәа даараӡа ирацәаны исыман еиуеиԥшым ақалақьқәа рҿы, Сеул надкыланы, аҳәынҭқарратә хорқәа рҟны аума, ашәаҳәаратә хорқәа рҟны аума, аоркестрқәа рҟны аума, излауала, аԥсуа музыка алазгалон. Ахорқәа аԥсышәала ирҳәон, уи аԥсуа телехәаԥшраҿы зегьыҵәҟьа акәымзаргьы иҟоуп анҵамҭақәа. Иаҳҳәозар: "Уазбақь", "Аҭларчоԥа", "Ахра ашәа", "Ахәра ашәа" уҳәа абарҭ зегьы амузыкала аԥсуаа ҳзакәу еилыркааратәы иҟасҵеит.
- Аԥсны аӡбахә абанӡардыруаз Кореиатәи Ареспубликаҿы?
— Раԥхьаӡа ианысҳәоз Аԥсны аӡбахә зынӡагьы ирыздыруамызт, ирмаҳаӡацызт. Ихароуп нас Кореиа, ҳаирпланла Москвантә уԥыруазара жәасааҭк уԥрыроуп, имтәаӡакәа ицо аҳаирплан ала. Уа иҟоу дара рыпроблемақәагьы рымами, дара рыԥсҭазаашьа шаҳзымдыруа еиԥш, даргьы ҳара зынӡа ҳрыздырӡомызт. Уантә сықәҵижьҭеи быжьбаҟа шықәса ҵуеит, уажә Франциа ауп сҭаацәа ахьыҟоу. Уажәшьҭа сахәаԥшуазар, Кореиатәи сыԥсҭазаара гәахәарыла исыдыскылоит. Избанзар, Аԥсны аӡбахә заҳаз, Аԥсны бзиа избаз, ҳаԥсуа доуҳа еилызкааз ҟалеит аԥсуа музыка ала имаҷҩымкәа. Уи даараӡа иҵаулоу дырроуп ҳәа сгәы иаанагоит. Аԥсны иқәынхо ауаа ыҟазар ҟалап, ҳара ҳмилаҭ зызку, абри адгьыл аҿы аԥсуа дзықәнагалаз ззеилымкаауа. Иаҳҳәап, иҟоуп амилаҭ дуқәа: китаиаа, индиаа, аурысқәа, америкаа роума, имҩаԥырго аусқәа акны иҟоуп. Аԥсуаа хыԥхьаӡарала ҳмаҷзаргьы, доуҳала идуу аусқәа наҳагӡоит. Уи агәра згоит сара. Адунеи сахьнанагахьо, ажәларқәа издыруа маҷӡам, акультурақәа еиҳагьы ирацәазар ҟалап, амузыка аума, атеатр аума, алитература аума, асахьаркыра аума, асахьаҭыхра аума, архитектура уҳәа, арҭ зегьы схәыҷаахыс интересс исыман, сахьнанагоз амузеиқәа рҿоума еснагь иҭысҵаауеит, еилыскаауеит сара схаҭазы.
- Шәара шәгәанала, излеибаркуи аԥсуара амахәҭақәа, уи ҳкультура иабанӡаныԥшуеи?
— Инаҵшьны иазгәасҭарц сҭахуп, Аԥсуара ҳәа акәымкәа, сҳәашьа шәахәаԥшыр сҭахуп — аԥсыура, аԥсы-аура, абарҭ ҩажәак еицҵаны. Аԥсуара — ари агылашьа, атәашьа аганахь ирханы иҟоуп, даараӡа ирмаҷны иаанарԥшуеит аԥсыура закәу. Аԥсуара, уи аҵас, ақьабз, алеишәа, ақәнага ауп. Абарҭ зегьы, ԥшьыхәҭа дуӡӡак еихшьаланы иҟоуп аԥсуара ҳәа сара сызҿу, ҳажәлар анкьа изықәныҟәоз. Иаҳҳәап, Европатәи азакуанқәа Аԥсны иқәнагалаанӡа аԥсуара ыҟамзи?! Ақәнага, азакуан- урысшәала иуҳәозар. Ауаҩы ихныҟәгашьа, иҽеим ҟаиҵар изныҟәашьа, абарҭ аизыҟазаашьақәа зегьы адин, аҵас, алеишәа, ақәнага роуп. Абарҭ ԥшьбаны иҟоу зегьы аҳәынҭқарра аргылараҿы иахьа фундаментс иҟаҳҵароуп. Ианыҟаҳҵалак ҳара ҳҳәынҭқаррагьы ԥхьаҟа ицо иалагоит.
- Шәара аамҭаказы аԥсуара иазку аурокқәа ашколқәа рҟны ралагалара азҵаара шәазааҭгылахьан. Убри азы шәгәаанагара ҳацеиҩышәшарц сҭахуп.
— 1992 шықәсазы Аԥсны аибашьра анцоз, Гәдоуҭа ианыҟаз аҳәынҭқарра аиҳабцәа, хаҭала Арӡынба, абри азҵаара убра раԥхьаӡа ицәыраҳгеит, ҳалацәажәеит. Арӡынба иҿы инаҳгаанӡагьы аҵарауаа ҳаилацәажәахьан аԥусара ада ԥсыхәа шҳамам. Нас, Арӡынба иареи сареи ҳазааҭгылеит, ашколқәа ирылаҳгалеит абри азҵаара. Ус баша алагалара акәымкәа, апрограммақәа ҟаҳҵеит актәи инаркны ажәеизатәи аклассқәа рҟынӡа изхысша, ирҵаша. Абарҭ зегьы ҭҵааны ианыҟаҳҵа, еиҭа ҳаидтәаланы Аԥсны ахантәаҩи сареи ҳалацәажәеит, иҳаӡбеит иалаҳгаларатәы. Убри ашьҭахь ауп аҵарауаагьы ашәҟәқәа ҭрыжьуа ианалага.
- Ашколқәа рҟны ахархәара абанӡамоу, ишьақәшәыргылаз апрограмма анаҩстәи аԥсҭазаара зеиԥшрои?
— Рыцҳарас иҟалаз, ус аамҭа ҟалеит, аибашьра ашьҭахь сара сықәҵны сцар акәхеит. Иззы, уажә ҳаламцәажәааит, ус аҭагылазаашьа ҟалеит. Сара санца ашьҭахь, снаҩс иааиз аминистрцәа ахәшьара дууп ҳәа ирмыԥхьаӡазар ҟалап.
- Шәара усҟан акультура аминистрс шәаныҟаз аума?
— Усҟан акультуреи аҵареи рминистрра еидҵаны иҟан сара саныҟаз, Арӡынба ус иӡбеит. Апарламент аӡбара ҟалаанӡа, усҟан ара Аҟәа ҳалацәажәеит, саргьы иасҳәеит абас еиҳа ишеиӷьхо, акультуреи аҵареи еидҵаны иҟалар аҳәынҭқарра аргылара аус ишацхраауа. Арӡынба дадгылеит, иҭҵааны иҟаҳҵеит. Нас, сара санца еиҭа еидырхит, аԥсуарагьы адхны иҟарҵеит, уи досу иара игәаанагара имоуп, аха Аԥсны аҳәынҭқарра аргылараҿы агәаанагарақәа зегь еизактәуп. Сара сгәаанагара, уара угәаанагара ҳәа ахәыцра, уи гха дууп, избанзар ари ҳара ҳахшыҩқәа еилаҵаны иаҳаӡбаз ус дууп. Аҳәынҭқарра фундаментс иаиуроуп ҳәа ԥхьаӡаны аԥсуара алаҳгалеит,аихаҳара акәын иаҭахыз, аха иара адацқәа амхны икарыжьит. Сара аӡәгьы лахь исҭаӡом, аха уи гха дууп, алацәажәарагьы сҭахӡам. Иахьа иаҳбарҭоуп ҳазхысыз аамҭа, иҳамоу апроблемақәа рацәаӡаны ишаӡбоз аԥсуара ашкол иахьалаҳгалаз. Аҿар акагь рхарастәӡом, избанзар идҳарҵаз, идҳарбаз ауп ирдыруа.
- Аԥсуара шәара шәеилкаараҿы иааннакыло аҭыԥ хада?
— Аԥсуара урысшәала еиҭоугозар — культура. Ажәақәа рынҵәамҭақәагьы еиԥшуп, иаанагоугьы иароуп. Абри аекономика-уигьы культуроуп, аполитика-уигьы культуроуп. Урҭ зегьы еидызкыло аԥсуароуп. Абри анеилаҳкаалак ҳҳәынҭқаррагьы еиднакылоит, ҳажәларгьы еиднакылоит.
- Аԥсҭазаараҿы доуҳала, гәыла-ԥсыла ишәзааигәоу ахшыҩзцарақәа шәымоуп. Убарҭ рахьтә шәара шәзы еиҳа ихадаратәу?
— Уи уамак афилософиа аҭахӡам, раԥхьаӡа иаҭаху — арыц ауп. Иаҳҳәап, анхаҩы аџьықәреи аарыхра бзиа иоурц азы, иреиӷьу арыц бзиа ааникылоит. Рыцк ҳамазар ибзиоу, убри лаҳҵар, убри аҟынтә шәрыцк, зықь рыц ҳаур ҟалоит. Даараӡа еилкааны иахьа абри арыц ҳаԥшаароуп. Аԥшаара акагь аҭахӡам, арыц зызку аԥсуароуп. Абри хықәкыс ианҳаулак, ахәыҷгьы илааӡаны дҟаҳҵароуп ашкол ахь дааианӡаа. Уи иаанаго ан, аб, аешьа, аеҳәшьа роуп. Иҟоуп аԥсуа ҳәынҭқарратә телехәаԥшра, аԥсуа театр, афилармониа, абарҭ зегьы ацхыраара рызҭо. Иахьа, хазы-хазы аус ҳуеит ҳазегьы. Ҳаԥсуара иамоу амҽхак зегьы ҳахьыҟазаалак аус ауа иҟаҳҵароуп. Ауаҩы ихьӡ ҳәаны дызусҭоу уаназааҭгылалак, инацәоума, ишьапоума, ихоума, иблақәа роума хазы-хазы узилацәажәаӡом. Избанзар иааидкыланы иумҳәои иара дзакәу. Иара дзакәу — аԥсуароуп. Ҳара дҳамамзаргьы Бах, Моцарт, Бетховин реиԥш иҟоу ауаа хатәрақәа, ҳҽазаҳшәароуп урҭ аԥсыуа композиторцәаны рыҟаҵара. Избанзар, доуҳала иҳараку композиторцәас иԥхьаӡоуп.
Иаҳҳәап, Шекспир иоума, асахьаҭыхыҩцәа роума, Рембрандт иоума, Микеланджело иоума, абарҭ ҳара иаҳтәны иҟаҳҵароуп. Ҳара ҳаԥсуара культуроуп ҳамҳәеи, адунеи аҿы иҟоу акультура ҳаракқәа ҳара ҳкультура иалаҳҵароуп. Нас, ҳара ҳкультурагьы ԥхьаҟа ицо иалагоит. Убас иҟалеит, Пиотр Актәи Урыстәыла данахагылаз аамҭазы, уаанӡа аурысцәа аславиан культура дуӡӡа рыман, аха асахьаҭыхраҿы, архитектураҿы, аскульптураҿы еиҵаханы иҟан егьырҭ Европатәи аҳәынҭқаррақәа раасҭа. Иара убас иԥхьаӡеит, абри сара сҳәынҭқарраҿгьы иҟалароуп ҳәа. Убри азы аҳәаақәа ааиртит, сара сҳәынҭқаруп ҳәа дтәаны акәымкәа ихала дцаны Европа иҵон аӷбақәа, аинструментқәа рыҟаҵашьа. Архитекторцәа иреиӷьу, Растрелли еиԥш иҟаз иара иҳәынҭқарраҿы иааны аргылара иалагеит. Урҭ ирыҵаиааӡеит аурыс архитекторцәа, аурыс сахьаҭыхыҩцәа, аӷбаргылаҩцәа, абџьар ҟаҵаҩцәа уҳәа. Убас аурыс культура иахьа уахьнеилак ирдыруеит. Убас ҳара ҳтәгьы ҟаҳҵароуп, уи ада ԥсыхәа ыҟаӡам. Ҳмилаҭ зқьышықәсала еихаҳауа 21-тәи ашәышықәса аҟынӡа ианаарга, иҳадҳамкылар ҟалоума, рыцҳарахоит.
- Ҳазҭагылоу аамҭазы Аԥсуа драматә театр напхгара азыжәуеит, аусура аҳәаақәҵара шәгәы ишԥаҭоу? Насгьы изакуи шәара шәзы Аԥсуа театр, ҵакыс иамои шәара шәыԥсҭазаараҿы атеатр?
— Атеатр, аспектакльқәа, апремиерақәа раԥхьатәи арбара аныҟаз ҳара ҳанстудентцәаз ҳзааиӡомызт. Уи уажә аҿар ианроуҳәо ирзеилкааӡом изакәу. Избанзар, ақалақь дуқәа рҿы аконцертқәа роума, атеатр аума, асахьацәыргақәҵақәа роума уахынлагьы инеины ирбар рҭахуп. Атеатргьы "лишний билетик" ҳәа аурысқәа ишырҳәо еиԥш, абилеҭ иазыԥшаауеит Москва. Абрагьы убас иҟан, абилеҭ аахәарҭаҿы уааиаанӡа абас шәкҟа метра шыбжьаз иҵаауан ауаа, "даҽа билеҭк шәымоума"-ҳәа. Ааи, ҳаизҵаауан, ианҳауаз ыҟан, аха ианаҳмауазгьы ыҟан. Аҩбатәи ахԥатәи аспектакльқәа рахь акәын ҳахьаауаз ҳара ҳанстудентцәаз. Анцәа игәаԥхарала, усҟантәи аамҭазы атеатр дахагылан ҳрежиссиор дуӡӡа Нелли Ешԥҳа. Уи лспектакльқәа Аԥсны анҭыҵгьы иахьыргалак, Москва аума, Украина аума, Қарҭ аума даара ибзианы ирыдыркылон. Асовет Еидгыла еиднакылоз афестиваль ду ахьыҟаз, ҳара ҳтеатр, Нелли лспектакль аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит. Актәи аҭыԥ аанызкылаз лара лырҵаҩы Товстаногов иоуп. Товстаногов актәи аҭыԥ иҭаны, Аԥсуа театр аҩбатәи ианаԥсаха, уи аԥсуара ҟаҵаны ирҭеит ҳәа ауп иаанаго.
Иахьа издыруа маҷҩуп, Аԥсуа театр Асовет ҳәынҭқарра аныҟаз ааԥхьара Америкаҟа ишроуз. Аха, Аԥсуа театр аҩныҵҟа иҟалаз ахынҭаҩынҭара иахҟьаны, ҳаԥсуа театр ацынхәрас ақырҭуа театр цеит. Ари рыцҳараӡами? Аԥсуа театр иагараны иҟан "Кавказский меловой круг", Бертольт Брехт итәы. Убри аспектакль ақырҭқәа иргеит, адунеи иахыҵәеит. Аспектакль, Нелли ирмазеины илыман зегь, ақәыргылара ада. Атеатр аҭоурых зегьы ус иузҳәом. Нелли санлылацәажәа, иазгәасҭарц сҭахуп сара Нелличка ҳәа шласҳәоз. Адунеи лыԥсахаанӡа даара ҳаиҩызцәан. Лара Москва дынхон, Аԥсны ҩынтә дықәырцахьан арежиссиор дуӡӡа. Убри убас иҟамлазҭгьы, ҳара ҳтеатр иахьа иузымдыруа аҳаракыраҿы иҟалон. Избанзар, актиорцәа роума, арежиссиорцәа роума, еиҵалааӡон. Саргьы Москва аус анызуаз, акандидаттә диссертациа анызыҩуаз лара дахьынхоз аҩны аҩбатәи аихагылаҿы ауада амхны сынхон. Есымша асааҭ 11 рзы сылбаауан, аҭел дасуан "акаҳуа ақәсыргылеит"- ҳәа. Лыгәҭыхақәа зегьы авидеоҿы ианҵаны исымоуп 50 сааҭ инарзынаԥшуа. Ари сара схазы ианысмҵаӡеит, мышкызны атеатр иазкны адоктортә диссертациақәа зыҩуа ҟалап, Аԥсуа театр аҿы амузеи ҟаҳҵоит, ирысҭоит, архив аҿы иҟазаауеит. Лыԥсы ахьынӡаҭаз лара илызкны ашәҟәы зҩит, илсырбеит, дақәшаҳаҭхеит. Атеатр сахааӡалоуп, сыԥсҭазаараҿы акырӡа ааннакылоит. Актиорцәагьы ирасҳәеит, асценатә драма аспектакль ақәыргылара амацара акәӡам, иара атеатр ахаҭа ароль инанагӡо Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо имаҷӡам. Дгьылла имаҷзаргьы, доуҳала Аԥсны даара идууп. Аԥсуа театр культуратә центрны иҟалароуп. Убри азы аус адаҳулоит сареи схаҭыԥуааи, зегьы ҳзызхәыцуа убри ауп. Аԥсуа интеллегенциа абра еиқәшәо, каҳуажәырҭак, рыԥсы ахьыршьаша ҭыԥк ҟаҵаны, еидтәаланы еицәажәо, рыгәҭыхақәа еибырҳәо, рыпланқәа ирылацәажәо, акультуратә хәылԥазқәа еиҿкааны, аҿар алархәны, аҟазара знапы алаку ауаа адыԥхьаланыеиҿаҳкаар ҳҭахуп, даара аус дуқәа ҳаԥхьа ишьҭоуп ҳаԥсуа театр аҟны.
- Амузыка ахырхарҭа ҳазааҭгылозар, ҳара иаҳдыруеит, иаҳбарҭоуп шәара уи шәыԥсҭазаара ишахәҭаку. Убри аганахь ала иҳашәҳәои?
— Ииашоуп. Адрама амузыка ада ижәбахьоума? Ус иҟоуп ауаҩы иԥсҭазаараҟны. Иара ажәлар рашәақәа рҿы уахәаԥшуазар иуникалтә традицианы иҟалеит ажәақәа маҷуп, аха ашәақәа рацәоуп, Уарада Сиуарада ҳәа ирҳәо. Уи иаанаго ҳара ҳмилаҭ ажәа аҵкыс, амузыкатә шьҭыбжьқәа еиҳа игәныркылоит ҳәа ауп. Иаҳҳәап, аԥхьарца аирҳәозар ауаҩы, ажәақәа аҭахӡам, иара ашьҭыбжьқәа ауаҩы убриаҟара иныруеит, избанзар ишиашоу ауаҩы игәаҵаҟынӡа инеиуеит. Амузыка ашьҭыбжь иамоу амч еиԥш иаразнак ауаҩы игәаҵаҿы инеиратәы ажәа аҳәара даараӡа ицәгьоуп. Амузыка уиаҟара амч амазар, ажәагьы убас амч дууп, ианеидуҵалак ажәлар рашәа алҵуеит. Ауаҩы ихымҩаԥгараҿы, ихәыцшьаҿы, иааӡараҿы амузыка иааннакыло аҵакы дууп. Аџаз музыка, апоп музыка ҳәа изҿу урҭ дара рира хықәкык аман. Ажәлар рмузыкеи аклассикатә музыкеи ришьа зынӡа хазуп. Ҳара еилаҳкаауазар ауп аиашеи ацәгьеи, иҳахуои, ҳзырчмазаҩуеи. Ауаа рыҩнқәа рҿы амузыка ашьҭыбжь дық-дықҳәа харантә иуаҳауа иахьынӡаҟо, ахаан политикауаҩык иажәа агәра згаӡом Аԥсны сыргылоит ҳәа.
Избанзар, аҳәынҭқарра ргылашьа амаӡам абас еиԥш амузыка зырбго, аҳәынҭқарра зырбго, ауаҩы дзырбго амузыка ықәыҩуанаҵы. Ари даара изҵаара дууп, еилкааны иазнеитәуп. Антикатәи абырзенқәа рырҵаратә системаҟны амузыка раԥхьаӡа гылан, нас акәын ианцоз абызшәа, аматематика уҳәа егьырҭ амаҭәарқәа. Избанзар, абырзенқәа рсистемаҿы 12 лад ҳәа иҟоуп, абырзенқәа изларыԥхьаӡоз ала, аибашьра ицо ауаа, мамзаргьы ахацәа азыӡырҩыр ҟалаӡомызт ари еиԥш алад аҟны иҟоу амузыка, избанзар ауаҩы дзеибашьӡом уси еиԥш амузыка дазыӡырҩыр. Шәара шәазхәыци антикатәи абырзенқәа реилкаара убриаҟара иҟазар, ҳара 20-тәи, 21-тәи ашәышықәсазы, урҭқәа анаҳзеилымкаауагьы ыҟоуп. Ари рыцҳароуп. Ҳара ақьаад аҿы иҳадаҳкылоит азакуан, аха иҟазҵараны иҟоу ауаҩы ҩнуҵҟала ирбгара ҳаҿуп. Ари аҳәынҭқарратә зхәыцра аҭатәуп, ҳажәлар еилыркаауа иҟаҵатәуп. Ҳара ҳажәлар убас иазнеиуан азоуп изиз Ахәрашәа. Ауаҩы аибашьра дыҟоума, ашьхара дыҟоума ахәра аниоулак, уажәеиԥш ахәышәтәра абаҟаз, ашьҭыбжьқәа рыла дырхәышәтәуан. Иҟоуп ажәалагьы данырхәышәтәуаз, аха ахәрақәа ахьыҟоу аԥхьарца адырҳәон, ахәра арӷьон. Уажәы ҳара амузыка иҟаҳҵо ала ауаҩы ахәра иаҳҭоит. Ус ҟамлароуп.