Арадио

Кьетиа еиҭеиҳәеит Бзыԥҭаа амаининг-фермақәа ирыхҟьаны ауадаҩрақәа шрымоу

Гагра араион Бзыԥҭа аҳабла ахада Едгар Кьетиа арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭеиҳәеит рыбзазашьеи иӡбатәны ирымоу азҵаарақәеи ртәы.
Sputnik
Кьетиа еиҭеиҳәеит Бзыԥҭаа амаининг-фермақәа ирыхҟьаны ауадаҩрақәа шрымоу

"Аерман школ ҳамоуп, уахь унеирц азы амҩахадаҟынтәи 200 метра рҟынӡа ҟаҵатәны иҳамоуп. Бзыԥҭа аԥша ықәуп инакәызаалак, аӡын ҳҽазыҟаҳҵоит. Афымцацәаҳәақәа рааигәа аҵлақәа хҵәаны иҟаҳҵоит. Аӡқәа ахьыиасуа еимаҳаны иҟан, арыцқьаратә усурақәа ҳарҿуп Пицунда абжьаларҭаҟынӡа, аамҭа маҷымкәа иаҳҭахуп уи азы. Зегьы ҳаицхырааны ҳарҿуп урҭ аусқәа", - ҳәа азгәеиҭеит Кьетиа.

Иара иҳәеит Бзыԥҭа абиуџьет мызкы зынӡа 150 нызқь мааҭ шартәо. Убасгьы Кьетиа иҳәеит амаининг-фермақәа ирыхҟьаны афымца амчхараҟны ауадаҩрақәа шрымоу анхацәа.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: