Аҟәатәи апаркқәа ҩба рыхьӡ рыԥсахуеит

Аҳҭнықалақь апаркқәа ҩба рыхьӡқәа реиҭакра азҵаара шьҭыхын Аҟәатәи ақалақьтә еизара адепутатцәа реилатәара аан ахәаша абҵара 13 рзы.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 13 - Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә еизара адепутатцәа еицҿакны ирыӡбеит Ленин ихьӡ зху апарки Воронов имҩеи Аиааира апроспекти реихысырҭаҿы иҟоу апарки рыхьӡ рыԥсахырц азы.

Асовет мчра ашьакәыргылараз ақәԥаҩ: Ефрем Ешба иҭакра шыҟалаз

Владимир Ленин ихьӡ зху, Аҟәа ақалақь ахадара аҿаԥхьа ишьҭоу апарк аԥсуа револиуционер Ефрем Ешба ихьӡ ахырҵоит, уи ибаҟа иара убраҵәҟьа игылоуп. Уи ихьӡ ахырҵарц ажәалагала ҟанаҵеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Акоммунисттә партиа.

"Иаҳхысыз амҩа пату ақәҳамҵар ԥеиԥш бзиа ҳауам, апатриот иаша, аԥсуа жәлар рҵеи лаша игәалашәара, аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭақәа зкыз ираԥхьагылаз иҭоурых ҳаԥхьа игыло абиԥарақәа ирызнаҳгароуп. Уи иҟаиҵаз ҳара ҳагәқәа рҿы наӡаӡа иаанхоит", - ҳәа азгәаҭоуп Акоммунисттә партиа аҳәамҭаҿы.

Абри аилатәараҟны иара убас ирыӡбеит Воронов имҩеи Аиааира апроспекти реихысырҭаҿы иҟоу апарк Аԥсни Урыстәылеи руаажәларратәи рполитикатәи усзуҩ, сынтәа жьҭаарамзазы зыԥсҭазаара иалҵыз Тарас Шамба ихьӡ ахҵазарц. Ари аҩыза ажәалагала ҟазҵаз Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба иоуп. Аилатәара иалахәыз ауаажәларратә усзуҩцәагьы ари аԥшьгамҭа иадгылеит.

Аԥсны аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит "жәлар рпрезидент" Тарас Шамба

"Ара ишьҭышәхыз азҵаара даара аҵак ду амоуп, агәра ганы сыҟоуп ари аԥшьгамҭа адгылара шаиуа. Иара игәалашәара анаунагӡатәразы иҵегьы иҟаҵатәу рацәоуп. Иара 60, 70, 80 шықәса анихыҵуаз Аҳәынҭқарратә филармониаҿы аҳәаанырцәынтәи асасцәа алархәны ииубилеитә рыцхәқәа ахьазгәаҳамҭаз сгәы даара иалоуп. Иара ихаҭара закәытә ҵакыз иамаз, иаҳаракыра зеиԥшраз ахәшьаразы аамҭа ҳаԥхьа ишьҭоуп", - лҳәеит ашәҟәыҩҩы, ажурналист, аҵарауаҩ Екатерина Бебиаԥҳа.

Аҟәатәи ақалақьтә еизара адепутатцәа реизара мҩаԥысит ахәаша абҵара 13 рзы.