"Асовет мчра 1922 шықәса рзы ианышьақәгыла ашьҭахь Ефрем Ешба диаган зны Қарҭҟа, нас Москваҟа, нас Чечентәыла аус иуит, аха еиҭа дхынҳәуеит Москваҟа. Мшаԥымза 11 1936 шықәса рзы дырбаандаҩтәын, дрышьҭуеит Магаданҟа, шықәсык ашьҭахь Москваҟа диаргеит, ахара ҿыцгьы идырҵеит. 1939 шықәса рзы Грозныҟа дыргеит, уа Чечентәыла иҟаз атроцкистцәа реидгыла деиҳабуп ҳәа ашьра иқәырҵоит, дагьыршьоит мшаԥымза 16 1939 шықәса рзы", — ҳәа азгәеиҭеит аҵарауаҩ.
Аԥсуаҭҵааратә институт ахада ихаҭыԥуаҩ, ААУ адоцент, аҭоурыхтә наукақәа ркандидат Сослан Салаҟаиа Ефрем Ешба данҭаркыз амш дазааҭгылоит
Сослан Салаҟаиа иара убасгьы иазгәеиҭеит Ефрем Ешбеи Ленины шеиқәшәахьаз, избан акәзар Ешба Аԥсны иҟаз абольшевикцәа дреиҳабын ҳәа дыԥхьаӡан.