"Иахьазы ажәлар рнапы злаку ацитрустә шәырқәа раарыхроуп, аха рыцҳарас иҟоу, уаанӡа абаҳчақәа аколхоз иатәын, уажәы қьырала иқәынхо ауааԥсыра рнапаҟны иҟоуп. Уи ауадаҩрақәа цәырнагоит, избанзар, ақыҭанхамҩаҿы агроном даҭахуп, аха ус аштат ыҟаӡам, агрофирмақәа злаҟам ала. Ацитрустә баҳчақәа доусы рнапаҿы иҟоуп, ишақәшәо иаадрыхуеит. Аҽаҩра ара ихьшәаны иҟалоит. Сынтәа ицәгьам, иит, аха иҿырхуа аԥшра уамак ибзиам, ахәшәтәра рцәагхазшәа, мамзаргьы ахәшәқәа дара ракәымзшәа, еиларҭәо дара-дара еинымалозар ҳәа сгәы иаанагоит. Агроном иҟамзаара ҳныԥшуеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Оҭырба.
Рауф Оҭырба иажәақәа рыла, ацитрус ашьҭахь ақыҭаҿы аџьықәреи ауп иаадрыхуа. Араҟа 70 гектар ларҵоит, 60 тонна рҟынӡа аџьықәреи ҭаргалоит ҳәа азгәеиҭеит иара.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Сақаниа еиҭеиҳәеит Приморское инхо рыбзазашьа атәы