Сима Дбарԥҳа Ҭеимураз Ачыгәба изы: иҭҵаарадырратә ҩымҭақәа рыла аиаша шьақәиргылон

Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, академик, ауаажәларра-политикатә усзуҩ, аԥсуаа рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара алахәыла Ҭеимураз Али-иԥа Ачыгəба иахьа, абҵара 18 рзы аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргоит.
Sputnik

Ҭеимураз Ачыгəба аҭҵаарадырраҿы илагалеи иуаҩреи дырзааҭгылоит акыр шықәса аус ахьиуаз Дырмит Гəлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵаарадырратə институт аетнологиа аҟəша аиҳабы аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Сима Дбарԥҳа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аҭоурыхҭҵааҩ, аетнолог, ауаажəларра-политикатə усзуҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақəа ркандидат, академик, "Ахьӡ-аԥша" аорден ахԥатəи аҩаӡара занашьоу Ҭеимураз Ачыгәба, Аԥсны аамҭа уадаҩ ианҭагылаз инаркны илша акырӡа ирацəоуп, амилаҭ-хақəиҭратə қəԥара далахəын, Аԥсны Жəлар рфорум "Аидгылара" ашьақəгылара ахыҵхырҭаҿы дгылан, Аԥсны Жәлар Реизара актəи, аҩбатəи ааԥхьарақəа рҿы депутатс дыҟан, инапы иҵижьхьаз аусумҭақəа аҭоурых аиашара иаҿаҳəхəаган.

Ҭеимураз Али-иԥа иԥсҭазаара иалҵра даара ихьааны ирыдыркылеит аус ицызуаз, иара дыздыруаз зегьы.

80-тəи ашықəсқəа инадыркны аибадырра зыбжьаз, акыршықəса аус ицызухьаз аҵарауаҩ, Аԥсуаҭҵааратə институт аетнологиа аҟəша аиҳабы Сима Дбарԥҳа Ҭеимураз Ачыгәба ихаҭара, иҵара-дырра, иуаҩра акыр иҳаракны дрыхцəажəоит.

"Даара гəыхьны исыдыскылеит исаҳаз ажəабжь. Ҳҩыза гəакьа, ҳҩыза бзиа иакəын. Иареи сареи аетнологиа аҟəшаҿы аус еицаҳуан, еицырдыруаз ҵарауаҩын, ҳаҭыр-пату змаз ауаҩы ԥсыцқьа иакəын, зегьы бзиа еицаҳбоз, зегьы ирыцхраауаз уаҩын, аҵарадырраҿы даара илагала рацəан", - ҳəа азгəалҭоит Аԥсуаҭҵааратə институт аетнологиа аҟəша аиҳабы Сима Дбарԥҳа.

Ҭеимураз Ачыгәба ҷыдала инапы алакын аԥсуаа рхылҵшьҭрақəа ахьынтəааз, ишыҿиаз аҭҵаара аус. Аха, зегь реиҳа инапы злакыз аетникатə процессқəа ракəын, XIX - XX ашəышықəса алагамҭа, ҳазҭагылоу аамҭақəа ирыҵаркуаз, иалкаау иҩымҭақəа реизга акыр ирацəоуп.

Гәымба Ҭеимураз Ачыгәба изы: зегь рыла дуаҩ дуун

"Даараӡа аус адиулон ԥшьтомкны иҭыҵраны иҟоу Аԥсны аҭоурых. Ахԥатəи атом акгьы игӡамызт далгарц, уахи-ҽни убри даҿын сахьӡандаз ҳəа, ичымазара иамугəышьеит акəымзар", - лҳəеит Сима Дбарԥҳа.

Аҵарауаҩ акыр илша рацəан аҿар реиҵааӡара аус аҿы. Ҟазшьала зегьы дырнаалон, иабжьгарақəа ирзыӡырҩуан, иажəа акрыԥхылнадон.

"Акандидаттə диссертациақəа напхгара рзиуан, адипломтə усумҭақəа ракəзар ус, ауниверситет аҿы алекциақəа дрыԥхьон, даара рҵакы бзиан, астудентцəа ибзианы ирыдыркылон, ибзианы иазыҟаҵаз ҵарауаҩын, иаҳзынижьыз иҭҵааратə усумҭақəа даара хра рылоуп, наҟ-наҟгьы иҳахəаша роуп", - ҳəа азгəалҭоит Сима Дбарԥҳа.

Ҭеимураз Ачыгәба иҭиҵаауаз акакəын ашықəсҩыра "Қарҭлис цховреба" захьӡыз. Иара ибзианы ақырҭшəа идыруан, убри аҟынтə абри аҩыра аус ӷəӷəаны иадиулон аиаша ашьақəыргыларазы, акырынтə ақырҭқəа дара ишырҭахыз еиԥш ирыԥсаххьан аҭоурых азы, иара плантə теманы идын, инагӡоуп, аха макьаны иҭыжьым.

"Аԥсны Аџьынџьтəылатə еибашьра аамҭазы акыр илагала ӷәӷəоуп аинформациа аганахьала. Гəдоуҭа иҟаз аинформациатə центр аҟны қырҭшəала ирыҩуаз зегьы еиҭаганы аҭакқəа ҟазҵоз, Владислав Арӡынба иазҳəоз иара иакəын. Қарҭынтəи иаауаз аԥсуаа ирыдҳəалаз ииашамыз аинформациа даҿагыланы аҭакқəа ҟаиҵон, аибашьратə информациа еснагь даиааиуан, убри аус аҟынгьы даара иџьабаа рацəоуп",-ҳəа азгəалҭеит Сима Дбарԥҳа.

Ҭеимураз Ачыгәба аԥхьаҟа иҟаиҵашаз дызхьымӡаз игəҭақəа рацəан. Амҳаџьырра атема есааира агəҭынчымра изҭоз зҵааран. Избанзар, иара хаҭала арепатриант истатус змаз иакəын, акыр иҭиҵаахьан ари аус.

"Раԥхьа аус иуан Баҭым, нас уантə иҭаацəа иманы Аԥсныҟа дааит. Иԥа ара аибашьра далахəын, ԥсыуаҵасла ишахəҭаз еиԥш араҟа иааӡеит. Ихигаз даара ирацəоуп, арепатриациа атема зегь реиҳа изааигəан, иҭиҵаахьан, идыруан, акыр игəы былуан, дахьҳацхраашаз рацəан, аха иаџьал ус ицныҟəеит", - ҳəа азгəалҭоит Дбарԥҳа.

Аԥсуара иагəҭылсаз, аҭоурых аиашара иазықəԥоз, зыжəлар рхьаа зхьааз, рҿахəы зҳəоз, зкалам ҵарыз, зусумҭақəа лыԥшаахыз аҵарауаҩ Ҭеимураз Ачыгəба игəалашəара лаша наунагӡа ҳажəлар ргəаҿы иаанхоит.