"Аԥсуа наука ацәаӡ дуӡӡа аиуит. Иара зегь рыла дуаҩ дуун. Хара аамҭа анцалак ауп ацәыӡ аҵакы иаҳа ианеилаҳкаауа. Иҵарала аԥсуа ҳәынҭқарра аус аҿы иҟаиҵаз даара идууп, ахәшьара аҭара макьанагьы иуадаҩуп. Иара зегьы рҿы дҿырԥшыган: ихымҩаԥгашьа, иԥсуара, иламыс, ипату даара иҵаулан. Аҵарауаа дуқәа Ӡиӡариеи Иналиԥеи дрыдкылоуп. Азеижәтәи ашәышықәсаз ҳазҭагылаз аамҭа Ӡиӡариа иааирԥшыз аҭагылаазашьа иара иациҵеит. Ишәҟәқәа уи аамҭа аҭоурых иазкны иҭыҵыз иахьа ирыцназго ҳәа акгьы ҳамаӡам. Аҳәынҭқарратә ус аҿы ишьҭамҭагьы аанижьит. Владислав Арӡынба даара зыгәра игоз, иарӷьажәҩаны идгылаз иакәын. Иара инапы иҵыҵны Апарламент аҿы ирыдыркылаз ақәҵарақәа даара акыр рҵазкуаны иҟоуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Гәымба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Иԥсҭазаара далҵит аҵарауаҩ, ауаажәларра-политикатә усзуҩ Ҭеимураз Ачыгәба