Амаинингуаа раамҭа, мамзаргьы лашарада аҟазаара

Акриптоԥара арҳаразы амаинингтә мыругақәа русура иахҟьаны уеизгьы иуашәшәыраз Аԥсны афымцатә система иазнауз анырреи уи ауаажәлар ишырныԥшуеи ртәы дазааҭгылоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Sputnik
Амаинингуаа раамҭа, мамзаргьы лашарада аҟазаара

Хымшҟа раԥхьа алашара ахә сшәеит. Асоветуаа ус ҳааӡан, инухуа аӡи алашареи ианаамҭоу ахә ушәон. Аибашьра ааилгазар, афымцамч ахә ршәоит ҳтәылаҿы инхо рыбжаҩык, егьырҭ изшәо рыбзоурала иааиуеит. Ари апроблема иахьанӡа аҳәынҭқарра аӡбара алымшеит, аха ааигәа ицәырҵыз ҳшьара ҳақәзырҟьаз аграфик иаанарԥшит аԥсуа фымцамч "ахыза заҟароу рзымдыркәа" Аԥсны анапхгара амаининг фермақәа амҩа шрырҭаз.

Аԥсны афымцалашара арцәара аграфик ркьаҿуп

Абҵара 15 инаркны ҳтәылаҿы иалагалоуп афымцатә ԥкрақәа, даҽакала иаҳҳәозар - аамҭа-аамҭала ҳалашара дырцәоит. Ари аграфик дырԥсыҽуеит ҳәа иахьа ишҳаларҳәазгьы, уи рацәак угәы шьҭнахуам. Ахьҭақәа злаҟалаз ала, уи акыр ишаргәамҵыц иаргәамҵуеит лашарада иаанхо ҳуааԥсыра, ахьҭакра иарҿиар ауеит ачымазарагьы.

Аабыкьа Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа имҩаԥигаз ипресс-конференциаҿы иҳәеит "амаининг бизнес хәарҭоуп, зхы иақәиҭу афымцатә еилазаара аныҟоу" ҳәа. Убри зхы иақәиҭу ҳәа апрезидент дызҿу ауп ҳтәылаҿы иҟам. Аԥсуа енергетика "абӷа шыӷәӷәам" аспециалистцәа алацәажәоижьҭеи маҷ ҵуама, аха ус акәзаргьы, афымцамч ныхга маинингқәа рхархәара шыҟамлозгьы, уи 2016 шықәса раахыс ҳтәыла алагалара иалагеит. Иаларгалон, аха ахархәара мҩақәызҵоз ԥҟара ыҟамызт, даҽакала иаҳҳәозар, ҳфымца ахархәарала маӡала амаинингуаа аԥара дырҳауан. Аҳәынҭқарра уи аҟынтә аԥаратә лагалагьы амамызт.

Аԥсны ахада амаининг аҿиаразы аҭагылазаашьа далацәажәеит

2018 шықәса рзы уи ахархәара ҟалом ҳәа иаанкылан, аха аҳәаа иахыганы аагара ԥынгыла амамызт азы, иахьа уажәраанӡа иааргон амыругақәа, иаахтны иаҳәозар, иформалтәын "ахархәара ҟалом" захьӡыз ақәҵара. Абас еиҩысҭаарыла аус зуаз абизнес ахархәаразы сынтәа цәыббрамзазы аиҳабыра азин аныҟарҵа, амаинингуаа ишрымчыз аусура ианалага, ҳалашара абӷа ааԥырҵәеит.

"Амшынеиқәафымцамч" аспециалист Гәырам Џьаџьаиа иҟаиҵаз аҳәамҭала, "иахьа аԥкрақәа иҟоу Аԥсны амаининг ахьыҟоу азоуп". Цәыббрамзазы Аԥсны аиҳабыра амаининг фермақәа русуразы азин ҟарҵеит акризис иҟоу азы, уи иалҵуа ашәахтәқәа абиуџьет арбеиоит ҳәа игәыӷны. Анаҩс, жьҭаара 21 рзы амаинингқәа раагара азин ааныркылеит. "Амшынеиқәафымцамч" ахада Михаил Логәуа ишиҳәаз ала, "20% амаининг ахархәаҩцәа роуп ашәҟәы зыҽҭазгалаз, егьырҭ азакәан аԥсыҽра рхы иархәаны рхазы амал дырҳауеит".

Абасала, ҳара ҳааит иахьа иҳамоу аҭагылазаашьаҿы. Официалла иҳалаҳәоу ацифрақәа ракәзар, удыршанхоит, Аԥсны аҳазалхратә еилакы ахада Гәырам Инаԥшьба ишиҳәаз ала "ҳазҭоу ашықәс жәымзы ирылагӡаны Аԥсны иҭаргалахьеит 43 нызқь 414 мыруга. 2016 шықәса инаркны 2019 шықәсанӡа - 21 нызқь 218 рҟынӡа". Ари ашықәс азы иҭагалоу ҳазхәыцуазар, рекордтә маинингтә шықәсоуп.

Жәымзы рыҩныҵҟа Аԥсныҟа иааргахьеит 43 нызқь ак амаинингтә хархәагақәа

Сырзыӡырҩуан Жәлар Реизараҿы абри азҵаатәы иахьалацәажәоз. Иазгәасҭарц сылшоит ари аилатәараан уаанӡатәи амчра иахароу, уажәтәиқәа ирхароу ҳәа адепутатцәа урысшәалатәи рыгәрымра ишаҿыз, ихадаз азҵаараҿы - ҳенергетика ҭазырхо амаининг аанкылара алзыршаша ҳәа акы ишазымааиз, уи азы қәҵарак иаарласны иҳадаҳкылоит ҳәа аҵыхәтәаны ишырҳәазгьы. Аиашазы, хымԥада ари аанкылатәуп ҳәа иқәгылогьы рцәаара аарла иубоит.

Амаинингқәа маӡала аус шыруаз иаахтны ирҳәоижьҭеи маҷ ҵуама, аха ферма дук иахаҩаны иаанкылоуп ҳәа аинформациа аԥшаара уадаҩуп. Аиашазы, ариабжьарак ирлас-ырласны феисбуктәи адаҟьаҿы "Амшынеиқәафымцамч" иҳаланаҳәоит дара рреидқәа рыбзоурала изакәанымкәа аус зуа амаинингқәа шаҿыху. Аҵыхәтәантәи аинформациа ишаҳәо ала, Аԥсны араионқәа рҿы иаанкылоу амыругақәа рымч зынӡа 30 МВт рҟынӡа инаӡоит. Убри аан афермақәа зтәу рыхьӡ-рыжәла аӡәгьы ирзом макьаназы. Афорум аҭааҩцәа агәрагара рцәыуадаҩуп, амаинингқәа аҿызхыз анцалак ашьҭахь, урҭ рыԥшәмацәа уи шаҿарымкуа азы. Уи адаҟьа аус азызуа "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура ахҳәаа шыҟанаҵо ала, "аҿыхра анаҩс ахылаԥшра амазаауеит".

Аекономика аминистрра ашәҟәынҵахьы 65 криптовалиутатә ферма ҭанагалеит

Ажәлар рыгәҩарақәа сырзыхынҳәуазар, амаининг фермақәа мҽхакы ҭбаала измоу аԥсуа политика анырра азҭо роуп, убри аҟынтә "урҭ рабашьра" амчратә усбарҭақәа рҽазыркып ҳәа аӡәгьы дгәыӷуам, дара ирхаҭарнаку уи абизнес далахәзар ахьауагьы азгәаҭаны. Убасҵәҟьа сгәы иаангоит схаҭагьы.

Иҟалоит амаҷ-саҷ змоу ртәы ааҿыхны, егьырҭ "адуқәа" ртәы рымбошәа инавсыргьы. Ахәыцрақәа хәыцроуп, ареалтә ԥсҭазаарахь сгьежьуазар, ҳтәылауаа лашарала еиԥҟьоуп, уи иаргәамҵуеит цәгьаӡа.

Иахьатәи аҭагылазаашьа аибашьра ашьҭахьтәи аԥсҭазаарахь схьанарԥшуеит. Усҟан, 1994 шықәсазы алашара графикла иаҿырхуан, иара убас, аӡы аҟамзаара уҳәа, даара аџьахаџьафара рхыргеит ажәлар. Уажәы ҳҭагылоуп 2020-тәи ашықәс, уи алагамҭазы, "ажәлар ҳарлашоит" зҳәоз аоппозициатә мчқәа атәыла иахагылаз апрезидент ԥхьатәара дрышьҭын, дара анапхгарахь иааит.

Аҩӡба: амаининг азы аиҳабыра ақәҵара рыдыркылеит, аха анагӡара кәадоуп>>

Абар, аӡын ҳаҽԥынгылоуп, иахьанӡа ҽнак хынтә ҩба-ҩба сааҭ алашара ааҳамхны ҳаадыртәон. Уаҵәы инаркны ҽнак ҩынтә рахь ҳаиаргоит рҳәеит, аха уигьы уамак еиӷьу ҭагылазаашьам. Ахәылбыҽха асааҭ быжьба рзы уажәааны хәлоуп, уиар узыцәом, утәар узтәом. Атәылауаҩ лаҳасабала еснагь амчрахь иааиуа рҟынтәи сазыԥшуп егьырҭ ирзыҟамҵаз ҟарҵозар ҳәа, аха уаҳа умԥсит.

Сара сусҭҵааҩым, аҳәара сцәыуадаҩуп амаинингтә олигархцәа азусҭцәоу, аха ауаажәларраҿы гәҩарас ирымоуп ари абизнес иалахәуп ҳәа аоппозицеи амчреи ирхаҭарнакцәоу. Насгьы, иара аԥара бзианы излаанаго ала, амаининг аԥыхра згәы ацԥыҳәо рацәаҩым.

Кьетиа еиҭеиҳәеит Бзыԥҭаа амаининг-фермақәа ирыхҟьаны ауадаҩрақәа шрымоу

Иацы Бзыԥҭа акырцх леит, асы ааигәаны ишьҭоуп ашьхақәа ҳахьырҿаԥшуа. Амшқәа иҵегь иааиҭасыр, асы ҳзаургьы ауеит. Ас иҟалар, алашара ацәара ауаа рыҭра иҭнарҟьашт.

Алашара ахә сшәозар, исҭахуп лашарала сеибыҭазар. Аҳәынҭқарра иахагылоу роуп абри аус аҿы аҭакԥхықәра зду, афымца маӡала иаҵаӷьычуа амаинингуаа аарԥшны рахьырхәра, урҭ афермақәа амчратә усбарҭақәа рхаҩаны иаанкыланы, ауаажәлар алашара рыгмырхара.

Зегьы иреиӷьуп, ҳенергетиказы иҭархагоу амаинингқәа русура аанкылазар. Санҵамҭа шьыжьаахыс саҿуп, зны алашара дырцәоит зны иадыркуеит, ҳкомпиутерқәа ари аҩыза аиҭарсра рылаӡаӡом, аҩны иҩнагылоу фымцала аус зуа атехника: архьшәашәага, аӡәӡәага, ахәыҟаҵага уҳәа рымч каҳаит.

"Амшынеиқәафымцамч": Урыстәылантәи алашара ҳауа ҳалагаанӡа графикла иҳарцәалоит

Иахьа иҳамоу аинформациа ала, ари ашықәс нҵәаанӡа алашаразы шәалҟьамрак ыҟаӡам, абас ԥшандагаҵас аамҭа-аамҭала алашара акуа, ицәо иаанхар алшоит, иааиуа ашықәс азы ЕгрыГЕС аремонт ианалаго, Урыстәылантәи афымцамч арахь аиагара алыршахаанӡа.

Изхарада, схәыцуеит дырҩагьых...

Ирхароуп ииасыз ахәышықәсқәа раан амаининг анықәнагалаз зыла хызҩаз аиҳабыра, иара убас, иахьа иаҳхагылоу, маӡала алашара зӡоз раанкылара аҭыԥан, алашара амч зеиԥшроу иазымхәыцкәа азин шыҟало ҳалазҳәаз.

Амаинингқәа шьаҭанкыла иқәхтәу мыругақәоуп, ҳфымцамч зеиԥшрацәоу саԥшны исҳәозар. Аус муӡакәа аԥара арҳароуп маӡала амаининг фермерцәа зҿу. Убри аан ахархьуаа рыгәхьаа зку дыҟам…

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: