Аԥсны афымцалашара арцәара аграфик ркьаҿуп

Аԥсны иахьаҵанакуа аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәара аграфик алагалан абҵара 15 рзы.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 20 - Sputnik. Аԥсны афымцалашара арцәара аамҭа ф-сааҭк рҟынтәи ԥшь-сааҭк рҟынӡа иркьаҿуп абҵара 21 инаркны ҳәа аанацҳауеит АУН "Амшынеиқәафымцамч".

Аԥсны афымцалашара арцәара аграфик ркьаҿуп

Атәыла афымццамчсистема аидара аҵхра алыршахеит закәаншьаҭада ацәаҳәақәа рҽахьаԥыршьуаз аҭыԥқәа раарԥшра ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Аграфик ҿыц азинмчра аиуеит абҵара 21 асааҭ 0.00 инаркны.

Закәаншьаҭада ацәаҳәақәа рҽаԥшьрақәа раарԥшразы акомиссиа аусура ԥхьаҟагьы иацҵахоит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа.