АҞӘА, абҵара 22 - Sputnik. Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла 214-ҩык акоронавирус рылоу ирыламу гәаҭан, урҭ рахьтә 68-ҩык COVID-19 рцәа ишалаз аарԥшын ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 78-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 69-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 25-ҩык, ибжьаратәуп - 22-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит 28-ҩык апациентцәа.
Аҟәа асасааирҭа "Аиҭар" ашҭаҿы иаадыртыз амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 32-ҩык апациентцәа. 27-ҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, хәҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп.
Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.
- Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>