Акоронавирус Аԥсны: иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла 68 хҭыс ҿыц

© Sputnik / Алексей Сухоруков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота лаборатории "Гемотест" в Тамбове
Работа лаборатории Гемотест в Тамбове - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 5380-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 3616-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 68-ҩык.

АҞӘА, абҵара 22 - Sputnik. Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла 214-ҩык акоронавирус рылоу ирыламу гәаҭан, урҭ рахьтә 68-ҩык COVID-19 рцәа ишалаз аарԥшын ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 78-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 69-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 25-ҩык, ибжьаратәуп - 22-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит 28-ҩык апациентцәа.

Аҟәа асасааирҭа "Аиҭар" ашҭаҿы иаадыртыз амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 32-ҩык апациентцәа. 27-ҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, хәҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

  • Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>
Ажәабжьқәа зегьы
0